Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Мирра Хотелашвили-Инал-иԥа 95 шықәса лхыҵит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Мирра Хотелашвили-Инал-иԥа 95 шықәса лхыҵра лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Мирра Константин-иԥҳа! Ишәыдышәкыл шәиубилеи шьахә – 95 шықәса шәхыҵра аҽны гәык-ԥсыкала иҟасҵо адныҳәаларақәа!

Шәара акыраамҭа, лҵшәабзиала зыԥсҭазаара аҭҵаарадырра иазызкыз, аинтеллигентра злоу, иҟәыӷоу аԥҳәызба шәылҿырԥштәуп. Аҳаҭырқәҵара ду иаԥсоуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи археологиатә фонд арҿиара иазку шәусура. Ахәшьараҭара уадаҩуп аԥсуа жәлар рҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхараҿы, иара убас Аԥсны археологиеи аетнографиеи рганахьала шәлагаламҭа. Шәара ицаҳәцаҳәо бзиа ижәбо Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ирзырхоу аҭоурыхтә ҭҵаарадырра атрадициақәа ӷәӷәала иныҟәыжәгоит.

Аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы равтор, хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәа, асимпозиумқәа зхы рылазырхуа, Шәара шәҿырԥштәала, шәусурала, шәдырра ҳаракы ала Аԥсны аҭҵааҩцәа рабиԥара агәацԥыҳәара рышәҭоит.

Аԥсны анапхгареи ажәлари рыхьӡ­ала ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп гәык-ԥсыкала, алҵшәа бзиа аманы ижәбо аџьабаазы. Ишәзеиӷьасшьоит абзиарақәа зегьы, агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me