Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амилаҭтә кьанџьа аӡыргаразы

Атрадициатә хәмаргақәа иарбан милаҭзаалак рыҟны афункциа хадақәа нарыгӡоит ахәыҷқәа рааӡареи, аиҳабацәеи дареи реимадареи рҿы.

Убри шьаҭас иазышьҭаҵаны ааигәа Гьечрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥган ацәыргақәҵа «Иреиӷьу акьанџьа – ахәмарга» ҳәа хьӡыс измаз. Алагарҭатә классқәа ирыдҵан амилаҭтә хәмаргақәа рнапала реиқәыршәара.

Актәи акласс инаркны ахәбатәи аҟынӡа ахәыҷқәа зегьы еилыхрада рҽаладырхәит ари аицлабра. Мчыбжьык аҩнуҵҟа аҭаацәа рыцхыраарала иаԥҵан хкы рацәала еиуеиԥшым амилаҭтә хәмаргақәа. Ацәыргақәҵаҿы аҭыԥ рыман амҿы иалхыз ахәмаргақәеи, абамбеи, аԥарчи ирылхыз акьанџьақәеи. Классцыԥхьаӡа ахәыҷқәа рыхәмаргақәа ирыхцәажәон, анаҩсан зегь реиҳа ари аусмҩаԥгатә зықәманшәалахаз иранашьан аԥхьахәқәа, алахәылацәа зегьы аҳаҭыртә бӷьыцқәа.

Иарбан школзаалак аҿы ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа хымԥадатәуп  ахәыҷқәа рмилаҭ культуреи рыбзазашьеи  разхьарԥшразы.

Ишдыру еиԥш,  иахьатәи аамҭазы имаҷҩым ари аус знапы алаку аҟазацәа Аԥсны аҩнуҵҟа.  Убарҭ дреиуоуп Очамчыра араион инхо, зхатәы кьанџьақәа раԥҵара иазҟазоу Асида Аҳәба. Ари аҭыԥҳа ланду илылалааӡеит аԥсуа доуҳа аҟәышра зегьы. Ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит ААУ аекономикатә факультет. Дҭаацәароуп, х-ҩык ахшара дрануп. Асида инеиԥынкыланы 18 шықәса аус луан Очамчыра араионтә администрациа аҟны. Араҟа аус лыцызуаз аԥҳәызба лымшира азы ҳамҭас илылҭеит лнапала иҟалҵаз агәалашәаратә ҳамҭа.

Анаҩс, егьырҭ лҩызцәа рзгьы иаԥылҵон еиуеиԥшым акьанџьақәа. Ус маҷ-маҷ, ҳаамҭаз ишаԥу еиԥш, аҭыԥҳацәа рҩыза ирзыҟалҵаз аҳамҭақәа рфотосахьақәа ҭыхны асоциалтә бызкаҭаҳақәа рахь иҭаргало иалагеит. Иџьашьахәыз лусумҭақәа збаз аӡәырҩы азҿлымҳара арҭеит.

Аамҭақәак рнаҩс Асида ааԥхьара лырҭоит Москватәи ацәыргақәҵа «Жәларбжьаратәи акьанџьақәа рсалон» ҳәа хьӡыс измаз ашҟа. Ари ацәыргақәҵаҿы Асида лусумҭақәа убасҟак иргәаԥхеит, иаарласны илыԥхьеит адунеи аҿы акырӡа ахԥша ду змоу ацәыргақәҵа Doll Prague ахь. Убас ала рацәак зусумҭақәа Аԥсны аҩнуҵҟа ирзымдыруаз аҭыԥҳа лҽалалырхәуа далагеит адунеи аҿы иреиӷьу аҟазацәа рцәыргақәҵақәа рҟны. Убарҭ руак аҟны амилаҭтә кьанџьақәа рыҟаҵаҩцәа Америкатәи рассоциациа аиҳабы иаликааит лусумҭақәа, иҩит арҽхәаԥхьыӡқәеи, азеиӷьашьарақәеи.

Асида есҽны аус рыдылулоит лусумҭақәа. Кьанџьацыԥхьаӡа дадхалоит х-мчыбжьа инарзынаԥшуа. Ҽнак хԥа-хԥа сааҭ азылкуеит уи аус. Насгьы акьанџьақәа зегьы идлырхәҳауам. «Ауаҩы дысгәамԥхар ахәмарга исыраахәом» - лҳәоит лара.

Лыкьанџьа адунеи зегьы иакәшахьеит. Даараӡа ирацәоуп Асида лаҳаҭыртә бӷьыцқәеи, лырҽхәаԥхьыӡқәеи. Лусумҭақәа ҩынтәны адунеи аҿы иреиӷьыз акьанџьақәа ирхыԥхьаӡалан. Акьанџьа «Гәыла уахәаԥш» Европатәи ажурнал «Daily Dolls» аверсиа ала 2021 шықәсазы иреиӷьу аусумҭақәа рахь иԥхьаӡан. Ари аусумҭазы иланашьан Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа апремиа.


Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me