Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

XXVIII Урыстәылазегьтәи абокс азы атурнир А – класс «Гран – При Ту­ла» аҟны араӡнытә аԥхьахә даԥсахеит Герман Арџьениа.

XXVIII Урыстәылазегьтәи абокс азы атурнир А – класс «Гран – При Ту­ла» аҟны араӡнытә аԥхьахә даԥсахеит Герман Арџьениа. Аицлабрақәа мҩаԥысуан абҵарамза 21 инаркны 25 – нӡа.

Уи рхы аладырхәит Урыстәыла арегионқәа 23 рыҟнытә 100 – ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

Герман Арџьениа дықәгылан акапа­нтә категориа 63,5 кьыла  иҟаз рыбжьара. Афинал аҟны днеиаанӡа иара аиааира игеит аиндаҭларақәа хԥа рҟны.

Герман Арџьениа зыҟаҵаҩцәас имоуп Елизбар Џьологәуеи Едгар Қриеи. Иахьа Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза иҽазыҟаиҵоит Москватәи аобласт Аолимпиатә резерв иатәу абжьаратә ҵараиурҭа №3 аҟны, азыҟаҵаҩцәа Александр Подольски, Георги Закирпичныи рнапхгарала.

* * *

Пиатигорск ақалақь аҟны абҵарамза 23 – 25 рзы имҩаԥысуаз Игор Никулин игәалашәара иазкыз абокс азы иаарту аицлабрақәа рхы рыладырхәит 100 – ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аԥснынтәи жә -ҩык аспортсменцәа. Аԥсуа қәԥаҩцәа рҽаԥсартәит ахьтәы медалқәа фбеи араӡнытә медали.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Аслан Чежиа, Самир Ҳагба, Сандро Малиа,  Арсоу Ҳашба, Арсени Џьидариан, Максим Тарасов. Араӡнытә медал даԥсахеит Леван Џьопуа.

Максим Тарасов ианашьан иҷыдоу аԥхьахә «Иреиӷьу атехника азы», Леван Џьопуа – «Аиааира агәазыҳәаразы».

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Саид Смыри Олег Тарасови.

* * *

Абҵарамза 24 – 26 рзы Санкт – Петербург ақалақь аҟны имҩаԥысуан зхы иақәиҭу ақәԥаразы аспорттә еилазаара «Легион»  аԥхьахә агаразы аицлабрақәа.

Абазг Фет – оглы аиааира игеит ари атурнир аҟны. Аслан Багаҭелиа – араӡнытә аԥхьахә даԥсахеит. Кемал Какәбаа – аџьазтә медал.Абазг дықәгылан зыкапантә категориа 76 кьыла иаҵанакуаз рыбжьара.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Игор Бераиа, Размик Алабиан, Адам Цәеиба, Мераб Ҳашба.

Ари атурнир рхы аладырхәит 550 – ҩык инарзынаԥшуа Аԥснынтәи, Ермантәылантәи иара убас еиуеиԥшым Урыстәыла арегионқәа 17 рҟнытә арԥарцәа.

* * *

Абҵарамза 26-27 рзы Белорусиа аҳҭны-қалақь – Минск ақалақь аҟны имҩаԥысуан зхы иақәиҭу ақәԥараз, хынтәтәи аолимпиатә чемпион Александр Медвед иаԥхьахә агаразы Жәларбжьаратәи атурнир «Гран – при». Аԥснытәи алахәыла Асланбек Гәарамиа аиааира игеит арҭ аиндаҭларақәа рҟны. Данил Харчлаа араӡнытә ҳамҭа даԥсахеит.

Афинал аҟны Данил Харчлаа Белорусиатәи аспортсмен Нурган Скриабин иҟны даҵахеит 2:1 ҳәа.Асланбек Гәарамиа 2:4 ҳәа  аиааира игеит Урыстәылатәи ақәԥаҩ Магомед Магомедов иҟны.

Данил дықәԥон акапантә категориа 65 кьыла рҟынӡа иаҵанакуа рыбжьара.

Асланбек дықәгылан акапантә категориа 86 кьыла рҟынӡа иаҵанакуа ақәԥаҩцәа рыбжьара.Данил зыҟаҵаҩыс димоуп – Размик Алабиан,  Асланбек – Тимур Џьопуа.

Амедалқәа ргаразы еицлабуан атәылақәа ааба рҟынтә 260 – ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.Атурнир рхы аладырхәит Ҟазахсҭан, Бахреин, Ермантәыла, Урыстәыла, Аԥсны рхаҭарнакцәа.

 


Акьыԥхь иазлырхиеит

Аманда Анталаа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me