Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәыҷы ииразы зныктәи аԥаратә цхыраагӡа

Аҟәа ақалақьтә Еизараҿы ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны есымзатәи асоциалтә шәатәқәа рыҩаӡара ашьҭыхразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Абыда зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа аӡәы изы ирызшәахо аԥаратә цхыраагӡа 500 мааҭ рыла иазҳауеит, убас ала уи аицҵалыҵ 2000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. 

 18 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәарацәа ироулоит:

хҩык ахәыҷқәа змоу аҭаацәа – аӡәыцыԥхьаӡа 1000 - 1000 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 600 мааҭ);

ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – рыцыԥхьаӡа 1500 - 1500 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 900 мааҭ);

 хәҩык ахәыҷқәа змоу  – 2000 - 2000 мааҭ (2023 шықәсазы – 1050 мааҭ).

Аеҭымцәа – 1500 мааҭ рыла еиҳаны ирызшәалахоит, урҭ ироуло аԥаратә цхыраагӡа аицҵалыҵ 3000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. 

Ҩынтә еиҳахоит есымзатәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рыҩаӡара. Уи 3 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. Убас:

 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷы-аинвалид дызбо –3000 мааҭ;

 ихәыҷаахыс ихымхәоу, актәи агәыԥ иаҵанакуа рбаразы – 3000 мааҭ рҟынӡа;

 аеҭымцәа 18 шықәса рхыҵаанӡа;

ахәыҷы ииразы – 10000 мааҭ.

2023 шықәсазгьы асоциалтә цхыраагӡақәа 50% ишьҭырххьан.

 Аҭаацәарацәа рзы аԥаратә цхыраагӡа ашьақәыргылараан хымԥада аҭаацәа рҩыџьагьы Аҟәа ақалақь аҿы есымшатәи анхарҭаҭыԥ рымазароуп.

Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны  Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷы ииразы ирызшәахо аԥаратә цхыраагӡа аҩаӡара  2 500 мааҭ рыла иазҳауеит, уи аицҵалыҵ  10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Иазгәаҭатәуп, зныктәи аԥаратә цхыраагӡа аиуразы азин ыӡуеит, азыҳәаҩ уи аиуразы  ахәыҷы иира фымз рышьҭахь дадҵаалазар.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me