Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ибарақьаҭу ҭагалан»

Ишдыру еиҧш, ҭагалан зегь реиҳа ибарақьаҭу ашықәс аамҭоуп. 

Традициала ишаҧу еиҧш, есышықәса Гагра араион ашколқәа зегьы иазгәарҭоит ҽаҩраҭагалан иазку аныҳәа. Сынтәагьы абҵара ахыркәшамҭазы имҩаҧган уи иазкны еиуеиҧшымыз аусмҩаҧгатәқәа.

Школцыҧхьаӡа ашколхәыҷқәа имҩаҧыргеит ачысхкқәа рцәыргақәҵа. Еиқәдыршәеит ҧсыуачысла ихиаз аишәақәа. Урҭ ҩычан ашықәсан иаарыхыз аҽаҩра ала: аџьықәреи, аҟәыд, аҟаб, еиуеиҧшым ашәыр хкқәа уҳәа…

Имҩаҧган иара убас, еиуеиҧшымыз ақәгыларақәа, ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа. Арҭ аусмҩаҧгатәқәа ирылахәын ашколқәа рнапхгара, аҵаҩцәа, аҭаацәа, араион аҵара аҟәша ахаҭарнакцәа. Ацәыргақәҵақәа иалахәыз зегьы ирыман алшара ахаа-мыхаақәа ргьама абара.

Абас ала ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи агәалаҟазаара бзиа рыманы ҭагалан «абзиараз» ҳәа инаскьаргеит. 


Софиа Дгебуаӡе

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me