Аслан

Аслан

Арҭ амшқәа рзы С.Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә Аԥсуа драматә театр асценаҿы идырбан Нхыҵ-Уаԥстәылантәи В.Тхапсаев ихьӡ зху адраматә театр аспектакльқәа ҩба. Урҭ арахь иааит ирымаз ааԥхьарала. Иазгәаҭатәуп, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа театргьы агастрольқәа рыманы Аахыҵ-­Уаԥстәыла акырынтә ишцахьо.

Иахьа Аԥсны араионқәа ирыҵаркуа ақыҭақәа ир­ыгу ирыбзоу маҷым. Урҭ иреиуоуп аӡы, амҩақәа уҳәа еиуеиԥшым апроблемақәа. Убарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны Аԥсны анапхгара изларылшо ала ақыҭақәа ацхыраара рырҭоит.

Аскульптор қәыԥш

Жьҭаара 24, 2024

Асахьаҭыхра – даара аинтерес зҵоу, уаҩ дызгәылазхало, дхызхуа, дзырхәыцуа занааҭуп. Асахьаҭыхҩы игәазыҳәарақәа, ихәыцрақәа, аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа иара ихатәы блала ишибо рныԥшуеит уи шәыга хкыла ихырҷаны, еиҿыбааны, ажәада иааирԥшуа, иҭихуа асахьақәа, ахәаԥшҩы идигало аусумҭақәа.

Аԥсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаеит "Аҟәа - Амарафон" аиҿкааразы аҽазыҟаҵаратә усқәа ирызкыз аилацәажәара. Амарафон мҩаԥысоит жьҭаарамза 25 инаркны 27-нӡа.

Сҭамԥылтәи ауниверситет Медианет аҿы ААУ аҭоурыхи Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ртеориеи ркафедрақәа астудентцәа рстажировка хыркәшахеит.

Сириус имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа «Кубок черноморского побережья-Сириус по тхэквондо ИТФ» аԥхьахә згаз иреиуоуп Аԥснытәи аспортсменцәа.

Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәыла аекономикатә рҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи аилацәажәара еицымҩаԥыргеит Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара азҵаарақәа ирызкны.

Октиабр 15 рзы Цхьынвал ақалақь агәаны, ауаԥс милаҭтә рккаҩы Косҭа Хеҭагу-ров ибаҟаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала ихацыркхеит ашәышықәсақәа рҵеи ииубилеитә шықәсхыҵра азгәаҭара иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа. Уахь инеит атәыла анапхгара рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқә астудентцәа, ауаажәларра.

Ааигәа Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә акәашаратә театр Аҧсны араионқәа рҟны аконцертқәа мҩаҧыргон. Аконцертқәа дырбан Тҟәарчал араион Д. Гәлиа ихьӡ зху акультуратә хан аҟны, иара убас Очамчыра араион Р.Ҵәыџьба ихьӡ зху акультуратә хан  аҟны.

Аҟәа ақалақь аҿы ихацыркхеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазку ашьапылампыл маҷ азы аинвалидцәа рыбжьара «Аиааира Ахраҿа» ҳәа ахьӡ змоу жәларбжбаратәи атурнир.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me