Агәаҭарақәа мҩаԥыргон аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи аусбарҭа амилициа аусзуҩцәеи аекологиазы Аҳәынҭеилакы аинспекторцәеи.
Ҷыдала ирызхьаԥшын хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьеизо аҭыԥқәа, иаҳҳәап апаркқәа, амшын аԥшаҳәақәа, аџьырмыкьақәа. Абраҟа лассы-лассы уаҩы иԥылоит гәмырҿыӷьгас абнатә ԥстәқәа изакәанымкәа ахрархәара ахҭысқәа. Амилициааи аеклогцәеи игәарҭон астационартә обектқәа реиԥш, еиҭаҵуа аҭыԥқәагьы. Уаҟагьы абас еиԥш иҟоу аилагарақәа ҟалар ауан.
Абнатә ԥстәқәа изакәанымкәа рныҟәгареи ауаа дырбареи рзы ф-ҩык ауааԥсыра рганахьала административтә ԥкаанҵақәа шьақәыргыланы аекологиазы Аҳәынҭеилакы ашҟа идәықәҵан.
Акоммерциатә хыкәкқәа рзы абнатә ԥстәқәа зхы иазырхәоз Урыстәылатәи Афедерациа х-ҩык атәылауаа рганахьала Аԥсны иахьаҵанакуа анхара аԥҟара аилагарақәа рзы административтә материалқәа еиқәыршәан.
Абри инаваргылан аԥстәқәа рныҟәгара зҽазызкыз ауаа усеиԥш ахымҩаԥгара шаҭахым азы ирацәажәан, идеилыркаан аԥсабарахьчаратә ԥҟарақәа рықәныҟәара акырӡа шаҵанакуа.
Азинхьчаратә усбарҭақәеи аекологцәеи инаҵшьны иазгәарҭоит абасеиԥш иҟоу апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа лассы-лассы реиҿкаара шаҭахә.