Апоет данииз арыцхә инақәыршәаны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала еиҿкаахоит лгәалашәара ахәылԥаз «Сара сыҟоуп, сыгәра жәгозар...». Лгәалашәара аҳаҭыр азы уи мҩаԥгахоит Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа амҩаҿы иаҿықәу амабаҳчаҿы (амҳаџьырқәа рбаҟа ааигәара) лыхьӡала ахаҳә ахьышьҭаҵоу. Иалагоит: 18.00 сааҭ рзы.
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (данҭаха ашьҭахь) Саида Бадра-иҧҳа Делба диит 1965 ш. ииуль 27 рзы Тҟәарчал ақалақь аҟны. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) далахәын. Иланашьоуп (данҭаха ашьҭахь) аҳәынҭқарратә ҳамҭа Леон иорден.
Саида Делба Тҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратәи ашкол далгеит. 1982 ш. дҭалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. 1985 ш. диасит М. А. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь, аха 1987ш. ҩаҧхьа Аҧсныҟа дхынҳәит. Лҵара иацылҵеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Иреиҳау аҵараиурҭа далгеит 1989 шықәсазы.́
Рҵаҩыс аус луан Гәдоуҭа араион Дәырҧшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭ «Аублаа» редактор хадас даман. Ари агазеҭ ианылҵон лхатә статиақәагьы.
Апоет раҧхьатәи лажәеинраалақәа ажурнал «Алашара» аҟны икьыҧхьын (1984, №1). 1986 ш. аҭыжьымҭа (№3) ҩаҧхьа ианылеит лажәеинраалақәа. Лҩымҭақәа анылон иара убас агазеҭ «Аҧснытәи ауниверситет». Данҭаха ашьҭахь лажәеинраалақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны», «Бзыҧ», «Еҵәаџьаа», аизга «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи». (Аҟәа-Сухум, 1995). Лҩымҭақәа маҷымкәа иагәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; 2009). Лажәеинраалақәа жәпакы аурысшәахь еиҭаганы икьыҧхьын еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа рҟны, урҭ еиҭаргеит Л. Лиубченко, Е. Чуприна, В. Занҭариа уҳәа егьырҭгьы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ианалага иаразнак Аҧсадгьыл ахьчара дцеит. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа дрыцны медеҳәшьак лаҳасабала дрылахәын еиуеиҧшым ажәыларақәа. Урҭ руак аан – Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан ахәра ӷәӷәа лоуит. 1992 ш. ноиабр 30 ауыха Тҟәарчалтәи арратә хәышәтәырҭахь днаган, илоуз ахәра иахҟьаны декабр 1 азы лыҧсҭазаара ҿахҵәеит.
Иҭыҵхьеит лажәеинраалақәа реизгақәа: «Сыдгьыл гәакьа санықәны», «Амацәыс ашьҭа», «Сагеит сара сыдгьыл ахьаа».