Уи ибеит аҵакырадгьылқәа, иара убас Арадуи, Мықәи, Ҷлоуи ирылсны аҳаԥы ашҟа уназго амҩа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра азун ацагамҩа алогистика, насгьы абри аҳаԥы Мрагыларатәи Аԥсны атуристтә кластер алаҵаразы иҟоу алшарақәа.
Аминистр игәы иҭоуп атәыла анапхгара иреиҳәарц Арасаӡыхьи Гәыԥи ақыҭақәа ирылганы 4 километрк раҟара заура наӡо амҩа ҿыц аҟаҵара. Абасеиԥш ала атранспорттә еимадара иалнаршоит Тҟәарчали Отаԥтәи аҳаԥи туристтә цагамҩакны аиԥшьра, насгьы ари аобиект аҭааразы иаҳа арманшәалара.
Аминистр иидеиа азкуп «Мрагыларатәи атуристтә мацәаз» ҳәа изышьҭоу аиҿкаара. Уи еиднакылоит араионқәа рыԥсабаратә, ркультуратә ҭыԥ ԥшӡарақәа, иагьалнаршоит Мрагыларатәи Аԥсны аҟны атуризм мҽхакы ҭбаала арҿиара, аҭыԥантәи аекономика адгылара, аинфраструктуратә проектқәа рганахьала аинвесторцәа ҿыццәа радыԥхьалара.
Атуризм Аминистрраҿы атуризм аганахьала алшарақәа змоу адгьылҵакырақәа рырҿиара аконцепциа иазку аусура иацырҵоит.