Алагер хышықәса ҵуеит аус ауеижьҭеи, абраҟа Аԥсны араионқәа рҟнытәи ахәыҷқәа аԥхын рыԥсы ршьоит. Еизшоуп амшԥҵәақәа рыла, алагер иаднакылоит 500-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
Алагер апрограмма иаҵанакуеит арҿиара-спорт усмҩаԥгатәқәа, шьапыла аныҟәарақәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рԥыларақәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра рзыруеит акультура, аҵас-қьабзқәа, аҭоурых. Ахәыҷқәа ахыци-ахәымпали рыла ахысшьа рҵоит. Иара убас аҳаԥҭаларазы иаҭаху адыррақәа роуеит.
Атәыла Ахада ахәыҷқәа драцәажәеит, иаҵишьит абасеиԥш иҟоу аԥшьгамҭақәа акырӡа шрыҵаркуа: абарҭ рҩызцәа алагерқәа ареспублика араионқәа зегьы рҟнытә ахәыҷқәа еизааигәартәуеит, ирыланааӡоит акзаара, аиҩызара, апатриотизм, аԥсабареи рыдгьыл гәакьеи рахь абзиабара.
Бадра Гәынба ибеит ахәыҷқәа араҟа рыҟазаара аҭагылазаашьақәа, алагер аҵакыра, иазгәеиҭеит ари аус аиҿкааҩцәа ахәыҷқәа рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа шаԥырҵаз, алагер аколлектив ҭабуп ҳәа реиҳәеит ҭакԥхықәрала, гәык-ԥсыкала русуразы.
Аҳәынҭқарра Ахада агәра диргеит атәыла анапхгара еснагь ишазыхиоу еиҵагыло абиԥара ҿа рааӡара хықәкыс измоу абасеиԥш иҟоу аԥшьгамҭақәа еснагь рыдгылара.