Бадра Гәынба ихы алаирхәит ААУ аҿы имҩаԥысыз астол гьежь «Аԥсни Урыстәылеи: еицырзеиԥшу ацивилизациатә мҩа»

Урыстәылантәи астол гьежь аусура ихы алаирхәит асоциалтә процессқәа рышьклаԥшреи анализ рзуреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа аиҳабы Александр Харичев.

Аҳәынҭқарра ахада, астол гьежь аартраҿы дықәгыло иазгәеиҭеит:

«Ас еиԥш иҟоу арккаратә аԥшьгамҭақәа акырӡа рыҵаркуеит. Агәахәара унаҭоит иахьатәи аиԥылара алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иахьыҟоу аҭҵаарадырра знапы алаку, аҳәынҭқарратә структурақәа русуҩцәа, аҵарадырратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адоуҳатәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәаразы имҩаԥыжәго аексперттә усура ахә ҳаракны ишьатәуп.

Агәра ганы сыҟоуп, астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиҿцәажәара ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа рырӷәӷәара ишацхраауа, насгьы иаҟаҵоу абжьгарақәа ахархәара шроуа».

Афорум еиҿнакааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети асоциологиатә ҭҵаарақәа рлабораториеи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me