«Ажәҩан блазаҵә»

Ааигәа Аԥснытәи ашә­ҟә­ҭы­жьырҭаҿы урысшәала иҭыҵит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иҩымҭақәа реизга «Одноглазое небо» («Ажәҩан блазаҵә»).

Ашәҟәыҩҩы ифырхацәа зларылукаауа рхатә дунеи, рхатә ҷыдарақәа рымоуп, алирикатәи афилософиатәи дунеихәаԥшрақәа еиларсуп, ргәеисыбжь еиныҩуеит. Аханатә ахҭысқәа автор ихаҿала иаарԥшызар, ишнеишнеиуа урҭ иҭахахьоу афырхаҵа иахь ииасуеит. Ега ус акәзаргьы, иаарԥшу зегьы аԥсҭазаара аҵабырг иазааигәоуп. Абри ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит ашәҟәыҩҩцәа Анна Ганиеваи Андреи Волоси рхаҭақәагьы.
Ажәабжьқәа «Аҵла», «Аҵеџь» уҳәа аҭыжьымҭа иагәылоу егьырҭ арҿиамҭақәа 2005 шықәса раахыс аԥсышәала акьыԥхь збахьоу роуп, аԥсуа ԥхьаҩцәа ибзианы ирдыруеит. Аҩымҭақәа аҟаза ихаҭа аурысшәахь еиҭеигеит. Арҿиамҭа аҵакы аиқәырхараан уи акырӡа аҵанакуеит, автор инарҵауланы ишидыруа еиԥш даҽаӡәы илымшар ҟалоит аԥхьаҩ иҟынӡа анагара. Ари иалнаршоит аҵакы иахьынӡауа ацәмырӡра.
Ашәҟәыҩҩы урысшәала ииҩыз ироман «Берег ночи» акәзар, зныкымкәа урысшәала иҭыҵхьеит, еиҭагоуп: англыз, аерман, ақырҭуа, аиталиа, аиспан, анемец, анидерланд, асерб, ахорват бызшәақәа рахь.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me