Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы акциа мҩаԥызгоз амашьынарныҟәцаҩцәа дырԥылеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба

Жәабранмза 12 рзы, Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы акциа мҩаԥызгоз аидарамҩангага машьынарныҟәцаҩцәа дырԥылеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Амашьынарныҟәцаҩцәа ирҳәеит аҳазалхратә гәаҭараан атауарқәа зегьы рҭыгара ицәырнагоу ауадаҩрақәа. Атәыла Ахада изыхәҭоу амаҵзурақәа рнапы ианиҵеит аусура еиҳа иманшәаланы еиҿыркаарц, амашьынарныҟәцаҩцәа рзы ауадаҩрақәа маҷхарц азы аусзуҩцәа адрыԥхьаларц.

Гәынба инаҵшьны иҳәеит агәаҭара армариара атәыла аинтересқәа ирԥырхагамхар ауп ҳәа. Абиуџьет азы аҳазалхратә шәахтәқәа рҵакы ҳасаб азуны, Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит иаларгало атауарқәа зегьы ахылаԥшра ӷәӷәа рырҭаларц.

Атәыла Ахада адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, аекономика аҿиареи абиуџьет ахарҭәаареи рҿы рлагалазы. Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки егьырҭ аусбарҭақәеи рахь ҩаԥхьа ааԥхьара ҟаиҵеит, аусура ахаҭабзиара шьҭырхырц, убри аан аҳәынҭқарратә хылаԥшра иамоу аҩаӡара ҳаракы еиқәдырхарц.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me