2026 шықәса – ақыҭа иашықәсуп

Аԥсны агроном хада Ҭеуаз Ачба Аԥсныпресс иеиҭаз аинтервиу аҟны дрылацәажәеит ақыҭа ашықәс инақәыршәаны ақыҭанхамҩа Аминистрра имҩаԥнагараны иҟоу аусқәа, иара убас аусҳәарҭатә хықәкытә программа анагӡарагьы.

Ачба иажәақәа рыла, ҳазну ашықәс азы хшыҩзышьҭра ҷыда азыҟаҵахоит аҵиааӡареи арахәааӡареи рырҿиара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара, амеханизациа маҷ, аԥсыӡааӡара. Абарҭ ахырхарҭақәа алкаауп ақыҭанхамҩа адгылареи арҿиареи ирызку Аусҳәарҭабжьаратә хықәкытә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Апрограмма уалахәхарц азы ақьаадшәҟәқәа нагатәуп, убрахь иналаҵаны абизнес-плангьы. Акомиссиеи ақыҭанхамҩа Аминистрра еишьашәалоу аҟәшақәа рспециалистцәа рыла ишьақәгылоу аусуратә гәыԥқәеи инҭкааны иҭырҵаауеит абарҭ апроектқәа.
«Ҿырԥшыс иаагозар, аҵыхәтәантәи хәышықәса раахыс агрономиа иазку ҳаҟәша иауалуп аҵиааӡара аганахьала арзаҳалқәа рыхәаԥшра, абарҭ апроектқәа ртехникатә шәага-загақәа ирызкны алкаақәа рыҟаҵара. Анаҩсан апроектқәа нагахоит азеиԥш комиссиа ахәаԥшырц азы. Уаҟа инҭкааны ицәыраагоит анализ алҵшәақәа, урҭ рахьтә иарбанзаалак иамоу аԥыжәарақәа шьаҭаҳаркуеит.
Акомиссиа апроектқәа алнахуеит ҳаԥхьаҟа анагӡаразы. Алахәылацәа ираҳҭоит иаҭаху аматериалқәа зегьы, апроектқәа рҟны иарбоу атауарқәеи амаҵзурақәеи рзы атендерқәа рылаҳҳәоит. Конкурстә шьаҭала иалԥшаау аашьҭыҩцәа ҳара ҳҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит, урҭ иҟарҵо амаҵзурақәа рыхә ҳшәоит.

Абри ашьҭахь урҭ атауарқәа ҳзаарышьҭуеит. Абасала, агроааглыхратә аԥшьгамҭақәа иааидкыланы ҳнапы рыԥшьуп, ҳрыцхраауеит рҿаԥхьа иқәдыргылаз ахықәкқәа ралыршараҿы, рырҿиараҿы», – иҳәеит Ачба.
Ақыҭанхамҩа Аминистрра абиуџьет иамҽханакуа апроектқәа рынагӡара мацара акәӡам, уи ианаҵакуеит ԥарала аиқәыршәара егьырҭ ахыҵхырҭа хадақәа. Ахәҭакахьала, амалқәа дәықәҵахоит амашьына-трактортә станциақәа рахь, аҵиаақәа рыхьчарахь, ашҳам химикатқәа раахәарахь, иара убас аветеринартә лабораториақәа реибыраҭахь.
Аханатә есышықәса апроектқәа ирзоурыжьуан 70-80 миллион мааҭ раҟара. Анаҩсан абиуџьет иазырҳахеит шықәсык 150 миллион мааҭ рҟынӡа. Убарҭ рахьтә 130-135 миллион мааҭ рышьҭуан апроектқәа рахь. Ҳазну ашықәс азы абиуџьет иазырҳауп 500 миллион мааҭ рҟынӡа.

Аминистрра аусҳәарҭабжьаратә программа аҳәынҭқарратә статус аиуит. Уи инақәыршәаны, инагӡахоит адгылара еиуеиԥшым ахкқәа ирызку апрограммақәа рымҩаԥгара. Ачба ишҳаилиркааз ала, ари иазыԥхьагәанаҭоит идыру проектқәак рыдгылара, иагьарҭбаауеит ԥарала аиқәыршәара амҽхакқәа, убрахь иналаҵаны акредиттә ресурсқәа рахь рымҩа аартхарц азы ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа раарыхыҩцәа рганахьала асубсидиақәагьы. Урҭ алагалахоит раԥхьаӡа акәны ҳазну ашықәс азы, избанзар уаанӡа усеиԥш амалқәа ыҟамызт. Ахада инапынҵала апрограмма иаҵанакуеит ақыҭа еиланхарҭақәа хахаҵәҟьа рыдгылара. 110 ақыҭақәа рахьтә иарбанзаалак иаиуеит 1 миллионк мааҭк. Ахадарақәеи, ақыҭа активи, ауааԥсыреи абарҭ амалқәа еихыршоит аҭыԥантәи аԥшьгамҭақәа рынагӡаразы.

Ачба иҳәеит 2021 инаркны 2025 шықәсазынӡа инарыгӡо хықәкылатәи апрограмма инақәыршәаны, ақыҭанхамҩа Аминистрра ареспубликатә биуџьет аҟнытә ишазоушьҭыз 600 миллион мааҭ. 2021-2023 шықәсқәа рзы ԥарала аиқәыршәара иартәон есышықәса 100 миллион мааҭ, 2024-2025 шықәсқәа рзы уи иазҳаит 150 миллион мааҭ рҟынӡа. Абри аамҭала ибзиоуп ҳәа рыхҳәаан апроектқәа 1189.
«Иаҳа еиҳаны апроектқәа рынагӡара алыршахеит Очамчыра араион аҿы – 533, аҩбатәи аҭыԥ – Гәдоуҭа араион, зегь реиҳа еиҵаны – Гагра араион.Лымкаала хшыҩзышьҭра азун аҵиааӡара: ахархәарахь иалагалан 290 проект, убрахь иналаҵаны аӡахәаҭрақәа, ацитрусқәа. Аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ашықәс рацәа нызҵуа аҵиаақәа рԥашәыркра, амеханизациа маҷ ахархәагақәа раахәара. Арахәааӡара имаҷны хшыҩзышьҭра азун, избанзар аԥстәқәа џьарантәи иузаахәаӡом. Абри аҭыԥан арахә рныҟәгаразы, аҟашәақәа раарыхразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵоит. Иара убас қәҿиарала инагӡоуп аԥсаатәааӡаразы апроектқәа, еиҳараӡак акәытқәа, ачақәа. Апрграмма аспект хадақәа ируакны иҟалеит амеханизациа маҷ ахархәагақәа рыла аиқәыршәара», – иҳәеит Ачба.

Апроектқәа рынагӡара инақәыршәаны игәцаракны рхатәы ҭыӡҭыԥқәа рҟны ақыҭанхамҩатә культурақәа раарыхреи арахәааӡареи знапы рылаку ақыҭақәа руааԥсыра рыдгылара. Апроектқәа реиҳараӡак зтәу рацәак идум аҭаацәаратә фермақәа роуп. Иаҳараӡак урҭ наплак маҷқәоуп, избанзар агроферма дуқәа даара амал дуқәа рҭахуп.
«Арахәааӡара аганахьала лахәылак изоурышьҭуеит 600 нызқь мааҭ, аҵиааӡара аганахьала – 1 миллионк мааҭ аҟынӡа. Аилахәыра дуқәа рзы ари рацәак аҵанакуам, абизнес аҟны урҭ рылшарамчқәа азыԥсахуам. Ҳазну ашықәс азы аиҳабыра ирыдаагалеит аҵиааӡара аганахьала ирзоурышьҭуа 2 миллионк мааҭ рҟынӡа анагара, арахәааӡара аганахьалагьы – 2,5 миллион мааҭ рҟынӡа. Аха амалқәа аурышьҭуеит анхамҩақәа еиуеиԥшым рыхкқәа рзы иаҭаххо алагалақәа рымҽхакқәа ҳасаб азуны», – иҳәеит Ачба.
«Ақыҭа ашықәс иалагӡаны аус рыдулоуп ахырхарҭа хадақәа ԥшьба зымҽхазкуа аусмҩаԥгатәқәа. Актәи – ари рацәак идуум апроектқәа грантла рыдгылара ауп. Аҩбатәи – ақыҭанхамҩатә проект дуқәа ԥарала реиқәыршәара. Ахԥатәи – миллионк мааҭ рыла ақыҭа хадарақәа – ишиашоу рыдгылара. Аԥшьбатәи ахырхарҭа иԥсабаратәымкәа рырцәытәра ашьамаҟа рахәы рыхкқәа реиӷьтәра. Апрограмма инақәыршәаны иалаҳархәуеит еилаӡарала аус ҳацызуа аспециалистцәа. Ауааԥсыра азыҳәарақәа ҟарҵарц рылшоит, ҳекспертцәагьы иаҭаху аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы аҭыԥанқәа рахь инеиуеит. Аветеринартә маҵзурақәеи ҳареи арахә рныҟәгара аҭагылазашьа еилаҳкаауеит, ахәшьара аҳҭоит. Ари ахырхарҭа акырӡа аҵанакуеит, насгьы арахә жәлақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра, ахьарахә ранҵара иацхраауеит», – иҳәеит агроном хада.

Ачба игәаанагарала, рацәак идуум анаплакқәа рҟны аҭаацәара еиднакыло налаҵаны, аусзуҩцәа зегьы иҭышәынтәалоу уадафахәыла реиқәыршәаразы урҭ русура ишақәнагоу, ишахәҭоу еиҿкаалатәуп. Ари усурҭала реиқәыршәара мацара акәымкәа, ахашәалақәа риурагьы иацхраауеит. Арахәааӡареи аҵиааӡареи аҵак ду рымоуп аекономиказы, аџьынџьтәылатә аалыҵ азымхара ҳанҭагылоу аамҭазы.
«Акәаци ахши рганахьала ҳаалыҵқәа идыртәо апроцент маҷк ауп иаҵанакуа, егьырҭ аалыҵқәа раагара ҳақәшәоит, – ишьақәирӷәӷәеит иара. – Аимпорт аганахьала абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟазшьарбагоуп ахырхарҭақәа реиҳарак рзы. Аусхкқәа зегьы адгылара рҭахуп, Ҳбиуџьет амаҷра аҭагылазаашьақәа раан зегьы ақәгәыӷырц залшом инхарҭәааҵәҟьаны ԥарала реиқәыршәара. Аха, аминистрреи акомиссиа ҷыдеи иҟарҵо адгылара иабзоураны, ақәҿиара змоу апроектқәа иаҭаху ацхыраара шроуц ироуеит», – еихишьалеит Ачба.

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me