Аслан

Аслан

Агазеҭ "Апсны" № 1-2 (2025)

Ажьырныҳәа 16, 2025

Иԥшьоу аныҳәа хада

Ажьырныҳәа 15, 2025

Аҧсуаа рҵас, рқьабз иузаҟәымҭхо, рмилаҭтә цәаҩа зныҧшуа акакәны иҟоуп имҩаҧырго аныҳәақәа. Даараӡа ҭакҧхықәралагьы иазнеиуеит урҭ рымҩаҧгара. Зегьы реиҳа ихадоу аныҳәақәа ирылыркаауеит Ажьырныҳәа.

Иаса Қьырса Иирамш

Ажьырныҳәа 07, 2025
Адунеи ақьырсианцәа зегьы реиԥш Аԥсны ианвар 7 рзы иазгәарҭоит ақьырсиантә ныҳәа Иаса Қьырса Иирамш.

Игәыҿкаагахаз ахҭыс

Ажьырныҳәа 05, 2025

Иахьа ашьыжь Аԥсны арыцҳара ду ҟалеит. Гал араион Папанырхәа (Саберио) ақыҭан аҩны амца акит, уаҟа хә-ҩык ахәыҷқәа иалаблит.

Аиааира агара иацхрааз

Ажьырныҳәа 05, 2025

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭоурыхтә рыцхәқәа ааигәахо ианалаго, дарбан аԥсуазаалак иныруазарц ауп.

Мышқәак раԥхьа, аинформациаҟны ишазгәасҭахьаз еиԥш, раԥхьаӡакәны еиҿкааз афестиваль "Мандарин" аартын ажьырныҳәа 3 Аԥснытәи аетнографиатә парк аҟны.

Аԥснытәи аетнографиатә парк аҟны иаартыз афестиваль "Мандарин" аҿы аҳауахь ишьҭын ашар кәымпылқәа.
Ари афестиваль мҩаԥыслоит ажьырныҳәа 8 - нӡа. Афестиваль еиҿнакааит асоциал-культуратә проектқәа рцентр "Аҵла".

Лариса Макачааԥҳа 75 ш

Ажьырныҳәа 03, 2025

Апоет, апублицист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Лариса Заабеҭ-иԥҳа Макачааԥҳа диит 1950 шықәса, ианвар 1 азы Гәдоуҭа араион, Абӷархықә ақыҭан.

«Акаҷбеира ахәшә»

Ажьырныҳәа 03, 2025

Ражьден  Гәымба ихьӡ зху  Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы   2025- тәи Ашықәс Ҿыц  аныҳәа аламҭалаз  Аԥсуа Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр  иқәнаргылеит     ахәычқәа.   рзы алакә.  "Акачбеира ахәшә". (Арежиссиор. А  Кәарҷиа), Ахәаԥшцәа  хәычқәа гәахәарыла ирыдыркылеит  ақәыргыламҭа. Алакә афырхацәа, аџьныш каҷбеи,  акәыџьма, ажьа, ала рхаҿала. иаарԥшуп-аҟазшьа бааԥс-акаҷбеира  ауаҩы дахькылнаго. Аԥсҭазаараҿ ақьиара зегь реиҳа ишхадоу. Алакә иалоу афырхацәа хадақәа  Асҭыԥҳаи, Аҵаа Бабадуи рцәырҵрала уи ахшыҩҵак  харҭәаауп. Аҵыхәтәан  Аҵаа Бабаду  маанала  ахьтәы кәалаҧ иҭаикуеит акаҷбеира, аԥыжәара агеит агәыҭбаара!

Ҳазшаз имчала инаӡаӡатәзааит адунеи зегь аҟны ақьиареи аҳалалреи.

Ашықәс Ҿыц аламҭалаз

Ажьырныҳәа 03, 2025

Абар,  Мышьҭабзиала  ҳҭалеит 2025-тәи Ашықәс Ҿыц!Аԥсны аҳҭнықалақь  Аҟәа мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит ари аныҳәа.Уи згәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшыз ахәыҷқәа ирзеиҿкаан аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рацәаны.

Есышықәса еиԥш, сынтәагьы  Аҟәа, Аҳабла  Ҿыц апарк хадаҿы ирзырхиан Апсаӡ блахкыга. Хыԥхьаӡара рацәала еизаз ахәыҷқәа ирыдныҳәаларц арахь иааит ақалакь Ахада ихаҭыҧуаҩ  Авҭандил Сурманиӡеи, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Асҭамыр Герхьелиеи.

Ахәыҷқәа рзын еиҿкаан инарҭбаау арлахҿыхгатә программа, амультфильм  персонажқәа  рықәгыларала ирылдыршеит ахәыҷқәа аныҳәатә гәалаҟазаара бзиа рыҭара!

Ҽааныбзиала ҳазҭалаз 2025- ашықәс ҿыц!

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me