"Иахьа ақалақь иаҳа ҳацклаԥшуеит, ҳқыҭақәа гәыгәҭыжьны иаанхеит. Ачынуаа ақыҭахь ихьасырԥшырц сҭахуп. Ари ашықәс иҭагӡаны еиқәыршәатәуп аконцепциа, ақыҭа аҿиаразы инаҳагӡаша апрограммақәа", -ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Иара иазгәеиҭеит, абызшәеи ақыҭеи иадҳәалоу азҵаарақәа хылаԥшра шрымазаауа атәыла анапхгара рҟынтә.


