Гәында Сақаниа диит (25. 02.1966) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (1997), иланашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа, Т.Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.
Абжьаратә ҵара хлыркәшеит И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аҟны (1981). Дрылгеит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус лухьеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы консультантс, Аҧсны Жәлар Реизара аҟны еиҭагаҩс, абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы азанааҭдырҩы хадас. 2024 ш. раахыс ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас дыҟоуп. Аамҭакала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа алитература акурс ҷыда дырзаҧхьоит.
Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1978 ш. инаркны. Лажәеинраалақәа, Аҧсны апериодикатә кьыҧхь аҟны еиҧш, анҭыҵ, аурысшәахь еиҭаганы иркьыҧхьхьеит. Лҩымҭақәа рнылахьеит ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», «Литературная Кабардино-Балкария», ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аҭыжьымҭақәа «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва), иара убас аизгақәа «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа, Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. (Аҟәа – Сухум), 1995. Лҩымҭақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа» ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭлыжьхьеит.
Лажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, аиталиа, асерб, аҭырқәа, адыга, ауаҧс уҳәа абызшәақәа рахь.
«Гәында Сақаниа лажәеинраалақәа аекспрессивра рылоуп. Игәылыршәоуп, иара убас афилософиа ҟазшьа рыҵубаауеит, уи ала шаҳаҭра руеит аԥсуа поезиаҿы ишцәырҵыз иҵаулоу адоуҳатә гәҭынчымреи акосмизми ирымадоу ҿыцрак. Лҩымҭақәа рҟны алирикатә фырхаҵа иҽазишәоит аԥсҭазаараҿы иҟаҵәҟьоу, мҽхакы ҭбаала еиларсу азҵаара уадаҩқәа, насгьы наунагӡа ҳәа ззаҳҳәо ҵакыс ирымоу аилкаара. Иааиԥмырҟьаӡакәа аԥшаареи агармониеи рыла апоетесса лҩымҭақәа аҵабырги абзиабареи рахь укылыргоит».
Виачеслав БИГӘАА,
афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор


