Иҟоуп урҭ рахьтә ихәарҭоу, ауаҩытәыҩса идикыло, аха аамҭа иҳаднагало зегь хазыноуп ҳәа аҳәара уадаҩуп избанзар, зны-зынла лабҿаба иаабоит «абзиа» злацәгьоу аганқәагьы. Иаҳҳәап иахьа хәыҷгьы-дугьы зыда ихәарҭам, ҳаамҭазтәи атехнологиа (аинтернет) ахархәара, амобилтә еимадара, еиуеиԥшым асоциалтә ҳақәа раԥҵара, рнырра ахьынӡаларҵәоу. Арҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз ахархәара рызымҭо шамахамзар дуԥылом. Даара ихәарҭоуп ииашаны ахархәара аҭара зылшо ауаҩы изы. Аха ахымҩаԥгашьа ззымдыруеи, ахәыҷқәеи, зықәра наӡам ахбыџқәеи рзы аинтернет ахархәара ԥкызар еиӷьушәа збоит хаҭала, сара, уи ауадаҩрақәеи, аҳәынҵәеиқәҭәареи иахылҿиаауа азгәаҭараан.
Ҳәарада, иахьа ауаҩы ииҭаху, иԥшаарц дзышьҭоу аинформациа уадаҩрада, инапы аҟны иику аҭел длақәыӷәӷәаны иоур илшоит, ма аусураҿы икомпиутер дылҭаԥшны ииҭаху ажәабжьқәа аҿигар алшоит, мамзаргьы амҩа дшықәу, ашьха дыҟазаргьы, ага даҽԥнызаргьы, дахьыҟазаалак имҩаԥысуа ахҭысқәа инарҷыданы «хра злам» ажәабжьқәагьы еиликаауеит.
Убри аҟнытә, иҟоуп иахьа ҳаамҭазтәи атехнологиа ахархәара аԥыжәара азҭо, ихадарангьы изыԥхьаӡо. Аха сгәаанагарала, акьыԥхь аԥҵазар аахыс, жәынгьы-ҿангьы уи иацназго ыҟам. Акьыԥхь аҟны иуԥыло инеиҵыху аочеркқәа, астатиақәа уҳәа, аҿар зегь реиԥш ҳаамҭазтәи атехнологиа аелектронтә версиа ахархәара асҭоит, аха аԥхьа исыргыло акьыԥхь ауп. Ақьаад аҟны икьыԥхьу, ашәҟәы, ажурнал, агазеҭ абӷьыцқәа еихыршәшәо, инықәҵо-иаашьҭыхуа санаԥхьо еиҳа исызгьамоуп.
Ҳәарада, акьыԥхь аҟны иҟоу ажәабжьума, автортә ҩымҭоума аелектронтә версиа аҟны иуԥылозар даара ибзиоуп, акьыԥхьи аелектронтә версиеи хеибарҭәаауеит, акьыԥхь аҟны иамыԥхьо, изымбо аелектронтә версиа, асаит аҟны ибап, аҵыхәтәанынӡа дамыԥхьаргьы илаԥш ахигап.
Иахьа аԥсуа ԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара анмаҷу аамҭазы, хаҭала аԥсышәала иҭыҵуа агазеҭ заҵә «Аԥсны», ажурналқәа «Алашара», «Аҟазара» уҳәа аԥхьаҩцәа иахьакәзаалак, аинтернет аҟны аума аӡәы идамхаргьы ихыԥхьаӡара иацлар акыр аҵанакуеит ҳажәлар рзы. Аха аӡәы идамхаргьы ихыԥхьаӡара иагхар, ҷыдала акьыԥхь аҟны, усҟан «ҳџьабаа аӡы иаҳҭеит» ауп…
Иҟоуп агазеҭ «Аԥсны» иаԥхьаӡом ҳәа иақәыӷәӷәаны изҳәо, ус еиԥш агәаанагара змоу. Урҭ рахь схы нарханы исҳәарц сылшоит: «Шәхаҵкы! Аԥсуа бызшәа апроблема зегьынџьареиԥш агазеҭ «Аԥсны» аҟынгьы иаҳԥылоит. Уи апроблема агазеҭ «Аԥсны» аҿы мацара иауҟаху, рыцҳарас иҟоу, уи Аԥсны ахи аҵыхәеи зегьы рҟны аҭыԥ амоуп: ахәыҷбаҳча, ашкол, ауниверситет, атеатр уҳәа иахьабалак.
Имаҷзаргьы, агазеҭ «Аԥсны» ахаангьы иаман, иамоуп ахатә аԥхьаҩцәа. Амала, даара ҳазгәышьуеит урҭ аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизҳара. Уи азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәа, аха аԥсуа бызшәа ашьҭыхра, уи иахәҭоу аҩаӡараҿы анагаразы Аԥсны анапхгара аԥхьа инаргыланы, зегьы ҳамчқәа еибаҳҭароуп, ҳара ҳамала ари азҵаатәы ӡбашьа ҳзаҭом.
Хаҭала аԥсуа кьыԥхь азҿлымҳара ахьынӡарымоуи, ҷыдала, агазеҭ «Аԥсны» – акьыԥхь аҟны акәу, аелектронтә версиаҿы акәу аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьеиҳау аилкаараз имҩаԥаагаз ауаа рыҿцәажәарақәа рылҵшәа еицгәаҳҭап:
Анатоли Лагәлаа( ари акьыԥхьымҭа азырхиара аламҭалаз иԥсҭазаара далҵит) : «Хаҭала, сара сгәаанагарала, ақьаад ианыло аԥыжәара аҭалатәуп. Аелектронтә версиагьы ҳәарада иҟазароуп, иаҳҳәап хаҭала, ҳжурнал «Алашара» знапаҿы изымнеиуа ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа: Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла уҳәа инхо ҳашьцәа аԥхьарц аелектронтә версиа ыҟазароуп.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, хаҭала, 14-нызқь ыҟан ажурнал «Алашара» атираж, уи Аԥсны ақыҭақәеи араионқәеи ирыладырҵәон. Иахьагьы аԥсуа кьыԥхь раионцыԥхьаӡа, қыҭацыԥхьаӡа аԥхьаҩцәа ироуа, ирылаҵәо аҟаҵара иазхьаԥштәуп.
Хаҭала, ажурналқәеи агазеҭқәеи рыԥхьаҩцәа, ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа сара ицәгьамкәан излаздыруа ала, 40 шықәса инадыркны изхыҵуа аԥхьаҩцәа роуп. Урҭ ашьцылахьеит рнапаҿы ақьаад анырку, ақьаад иану еиҳа хырҩа арҭоит».
Гәында Аӡынԥҳа: «Хаҭала, сара еиҳа еиӷьасшьоит ақьаад аҟны агазеҭ ма ажурнал аԥхьара, еиҳа исызгьамоуп. Ақьаад еиҳа сашьцылоуп, уи снапаҿы ианыску исзыманшәалоуп, аԥхьарагьы гәыԥсыршьагоуп».
Зарина Саманџьиаԥҳа: «Есҽны агазеҭ саԥхьартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам, аха аусураҿы ианысԥыхьашәо, ҳәарада, иаақәхны аԥхьара еиҳа ҳаҭырла сазыҟоуп. Уажә аелектронтә версиа аҟны уаԥхьартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Зегь реиԥш, саргьы ҳаамҭазтәи атехнологиа ҿыцқәа ахархәара асҭоит, аха уеизгьы ақьаа аҟны – акьыԥхь еиӷьасшьоит».
Лиалиа Чамагәуаԥҳа: «Ақьаад еиҳа исзааигәоуп, еиҳа схы иасырхәоит, сара сзы аԥыжәарагьы агоит. Ула аԥсы аршьаны, ураҳаҭны ажурнал, агазеҭ, ма ашәҟәы ушаԥхьо еиԥш аинтернет аҟны аԥхьара залшом».
Алиса Чуазԥҳа: «Агазеҭқәеи ажурналқәеи, хаҭала аԥсышәала иҭыҵуа аҵыхәтәаны ианызбаз аҳәара сцәыуадаҩуп, урҭ шамахамзар, исԥыхьашәаӡом… Ажәабжь ахьсаҳауа, иахьеилыскаауа аинтернет аҟны ауп, уи ауп ԥыжәара зысҭогьы».
Ҭемыр Аҳәба: «Аиашазы, ес-ҽны агазеҭқәеи ажурналқәеи шьҭыхны ирыԥхьо рхыԥхьаӡара аҟны сыҟам. Аелектронтә версиа ахархәара асҭоит, еиҳа исзыманшәалоуп».
Раиса Конџьариаԥҳа: «Сара лассы-лассы агазеҭ «Аԥсны», ажурнал «Алашара» уҳәа аԥсышәала иҭыҵуа акьыԥхь саԥхьоит. Аинтернет аҟны исцәыуадаҩуп астатиа дуқәа рыԥхьара, аекран сыблақәа снархьуеит акраамҭа аҭел аныску».
Альбина Анқәабԥҳа: «Сара аелектронтә версиа аасҭа агазеҭ, ажурнал, ашәҟәы уҳәа ақьаад аҟны икьыԥхьу аԥхьара бзиа избоит».
Аха, амҩа сықәзар, ма ақалақь аҟны џьара саныҟоу, ҳәарада, ҳаамҭазтәи атехнологиа, аинтернет ахархәара асҭоит. Акьыԥхь аԥхьа исыргылоит, аха аелектронтә версиагьы садгылоит, уи инанагӡо афункциа акыр аанагоит.
Алиса Гәажә-ҧҳа


