Амилаҭтә банк 35 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә аҿы афинанстә система аусзуҩцәа алкаахеит

Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа 35 шықәса инареиҳаны афинанстә система аџьабаа азызбоз аусзуҩцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранаишьеит, акыршықәсатәи рџьабаазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аҳәынҭқарра абанктә усура ҳәаақәызҵо азакәанԥҵара аиӷьтәраҟны рлагала ду азы агәаларшәагатә дыргақәа рыҭан: Сократ Аџьынџьал, Емма Аҩӡба, Валери Агрба, Дмитри Шамба, Емма Ҭаниа, Кама Џьынџьал, Роланд Лебедь.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк иҭнажьуа абанкнотақәеи аԥараҿырпи рхаҿра адизаин аҟны илагала ду азы агәаларшәагатә дырга иҭоуп Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа.

Иара убас, Аԥсны Абанк амузеи аҿиареи Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥаратә еикәыршара аҭоурых аиқәырхара аус аҿи илагала ду азы агәаларшәагатә дырга ианашьоуп Асҭамыр Ҭаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me