Гәдоуҭа араион анапхгара адгылара рырҭоит агәыҳалалратә еиҿкаара «Ахәыҷра адунеи» апроектқәа

Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит араион ахада Асҭамыр Аргәын ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысыз аусуратә еиԥылара алҵшәақәа инарықәыршәаны.

Иара убас, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз аибашьцәа ранацәа Рхеилаки дареи русеицура рӷәӷәахоит.

«Шәыпроектқәа ахәыҷқәа рзы аҵак ду рымоуп. Агәыҳалалра аусхкы знапы алаку зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит, сганахьала ацхыраареи адгылареи рысҭоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аргәын.

Аиԥылараҿы аиҿкаара «Ахәыҷра адунеи» ахада Лиудмила Ашәба имҩаԥгаз асоциалтә проектқәа рыҳасабырба ҟалҵеит, дазааҭгылеит ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа.

Ахшыҩзышьҭра аҭан имҩаԥысраны иҟоу агәалашәаратә рыцхәқәа рҽазыҟаҵара. Аветеранцәа рҭаацәа рсоциалтә дгылара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит араион ахада Асҭамыр Аргәыни, иҭахаз аибашьцәа ранацәа Рхеилак ахантәаҩы Емма Ермоловаи, аилак ахаҭарнак Цира Гәынбеи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me