Аҧхьаҩцәа аҳамҭа бзиа роуит. Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитература абзиабаҩцәа ззыҧшыз аклассик Қьаазым Агәмаа иҩымҭақәа реизга «Иалкаау».
Абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхеит аҧсуа сахьаркыратә литература аҿиара аҭоурых аҟны.
Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 – 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.
Афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.
Жәабранмза 1, 2023 шықәсазы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳалалратә Фонд аҳасабрбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апроектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иалацәажәеит.
Амаҵзурақәа русеицура
Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазлхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган напхгара зылҭо аделегациа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аусдкылара адгылара аҭара иазку арегионтә Фонд иаҭааит ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра аофициалтә саит.
Аусуратә еиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура, адәныҟаекономикатә усура аҿиара, ареспубликақәа рҟны аус зуа анаплакқәа аимадара рыбжьаҵара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аԥсныпресс. Жәабранмза 2, 2023 шықәсазы анемец-фашистцәа рықәгара ахьалыршахаз Сталинградтәи ажәылара ҟалеижьҭеи 80 шықәса ҵит. Ари амш аҽны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылаз Аԥсны анапхгара Аҟәа, Диоскураа рымҩаҟны Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Агәалашәара рхы аладырхәырц арахь имҩахыҵит Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, ауаажәларра.
Фымцала аиқәыршәареи акриптоԥарақәа изакәанымкәа рырҳара аҿагылареи рызҵаарақәеи ирызкын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инапыҵала уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба февраль 5 азы имҩаԥигеит аусуратә еилацәажәара, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәара иалахәыз азыӡырҩит иҟоу арезервқәа рҟаҵарба хадақәеи Аԥсны афымцамч ахархәара ашьҭыҵреи ирызкны аекономика аминистр лажәахә.
Февраль 5 ашьжьымҭан Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Уи иахҟьаны ауаа рацәаны иҭахеит ахәрақәа роуит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реилазаара анапхгара алархәны есымчыбжьатәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны арҽеиратә усурақәа рылҵшәақәа ртәы иҳәеит – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.