Аԥсны иазку аллеиа

Аԥснынтәи аҵрауаа гәыԥҩык алахәын Симферополь имҩаԥысуаз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Ауснагӡатә азкын Н. В. Багров ихьӡ зху Ҟрымтәи афедералтә университет иатәу аботаникатә баҳча 20 шықәса ахыҵра. «Аботаникатә баҳчақәеи, аҭыԥқәа рыриаҵәареи» захьӡыз аконференциа мҩаԥысуан ԥшьымш лаҵарамза 20 инаркны 24 нӡа.

Зымҽхак ҭбааз аиубилеитә рыцхә рҽаладырхәырц ааԥхьара зауз аҵаруаа рыбжьара иҟан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихаҭыԥуаҩ, академик Сергеи Бебиа, Аԥснытәи абнатә-ԥышәаратә станциа аиҳабы Витали Леиба, аҭҵаарадырра азҵаарақәа рзы уи ихаҭыԥуаҩ Савели Серафимов. Араҟа иҳәатәуп, ҳаԥсуа ботаникцәеи Н.Багров ихьӡ зху Ҟрымтәи аботаникатә баҳча анапхгареи аимадарақәа рыбжьоижьҭеи акыр шҵуа.
Аԥснынтәи Ҟрымҟа амҩа иқәлаз ҳҵарауаа напҭацәыла имцеит, дара ишьҭырхит иарбанзаалакгьы абаҳчазы хәы змам ҵиааны иҟоу ахкы-Ликвидамбар фармозски. Академик Сергеи Бебиа иажәақәа рыла ари ачықьхкы аџьынџь Таиван ауп, раԥхьаӡа акәны уи анҭыҵ иҭыганы аларҵәара азҭаз академик Сергеи Михаил-иԥа иоуп. Аҵиаақәа Аԥснытәи аҳауа рнаалеит, рдацԥашә бзианы иҿиеит, иахьеиҭарҳаз адгьыл рызчашәхеит. Анаҩс дара вҵиаалеи, махәҭалеи ирҿиан, рхыԥхьаӡара еизырҳан. Сергеи Бебиа иажәақәа рыла, иара идыруан ари аҵиаа Н.Багров ихьӡ зху абаҳчаҿы ишрымамыз, убри аҟынтәи ишьҭырхит ҩажәа шьаҭа аиҭаҳатә. Ахыԥхьаӡарагьы асимволикатә ҟазшьа амоуп, абаҳча ҩажәа шықәса ахыҵит, ҩажәа шьаҭа зыԥшаара уадаҩу аҵиаахк рызнаргеит. Аԥшәмацәа ари аҳамҭа даара еигәырӷьеит. Иара убасгьы, Сергеи Михаил-иԥа агәырӷьаратә еилатәараҿы Аԥсны аботаникаҭҵааҩцәа зегьы рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит. Ихьӡала ҳамҭасгьы ириҭеит иусумҭа, ифундаменталтәу аҭҵаарақәа зныԥшуа ашҟәы- «Аԥсны абнақәа».

Ҟрымтәи афедералтә университет иатәу Н.Багров ихьӡ зху аботаникатә баҳча анеиҿкааз 2004 ш.рзы ауп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аха, иара иаҵанакуа аҭыԥ аҿы абаҳча ианаало ҳәа хкы-хкыла аҵиаақәа реиҭаҳара хацыркын шәышықәса раԥхьа. Еицырдыруа аҵарауаҩ Паласс ибзоурала уажәы Н.Багров ихьыӡ зху абаҳча ахьыҟоу аҭыԥ аҿы еизган аҭыԥ ианаалоз аха аҳәаанырцәынтәи иаагаз аҵлахкқәа. Академик Сергеи Бебиа иҳәеит ауснагӡатә аофициалтә хәҭа анаҩс уи иалахәыз зегьы алшара шрымаз абаҳча аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи аныҟәарақәа рымҩаԥгаразы. Ари аботаникатә баҳчаҿы еизгоуп 95 пионхкыжәла. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла Урыстәыла иахьаҵанакуа ари еиҳау апионшәҭқәа рколлекциа змоу абаҳча ыҟаӡам. Ирылацәажәан арҭ ашәҭқәа аҭыԥ арԥшӡареи ариаҵәареи рзы иааныркыло аҵакы атәгьы. Аҵарауаа ари азҵааразы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, ашәҭхкқәа рааӡаразгьы рԥышәа иалацәажәеит. Араҟа изгәаҭатәуп, апионқәа ҳтәылаҿгьы хкырацәала ишрызҳауа, дара аҭыԥи аҳауеи шырнаало.

Аԥснынтәи инеиз аҵарауаа иддырбеит абаҳчаҿы изызҳауа, зегь раԥхьа ари аҭыԥ аҿы еиҭаҳаз аҵлақәа, урҭ хышәшықәса инареиҳаны ирхыҵуеит. Дара аԥсабаратә баҟақәа раҳасаб ала ихьчоуп закәанла, рылакьысра азин ыҟаӡам. Ҟрымтәи афедералтә университет аботаникатә баҳча аԥцоижьҭеи 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы, еиҭаҳан аекспозициа ҿыц шьақәзаргылаз ашәҭқәа-агортензиақәа. Аколлекциа хацыркын 24 чықьхкы реиҭаҳарала, аԥхьаҟа урҭ рыжәлеи, рыхки дырҭбаарц ргәы иҭоуп.
Иара убасгьы аԥсуа ҵарауаа ашәҭқәа шьҭарҵеит еицырдыруа аҵарауаҩ Георги Фиодр-иԥа Морозов ибаҟа амҵан. Сергеи Бебиа иҳәеит абнаҭҵаара иадҳәалоу азанааҭ ала аҵара зҵоз зегьы ари аҵарауаҩ дшырдыруа, избан акәзар уи ирҵагшәҟәқәаа рыла акәын аҵара шырҵоз. «1979 ш.рзы Дрездентәи атехникатә университет иатәыз Тарандтәи абнаҭҵааратә школ аҿы аус анызуаз, Морозов ифотосахьа адунеи аҿы иалкаау ҳәа иԥхьаӡо аҵарауаа рфотосахьақәа рыбжьара икнаҳан. Убри аҟара иара акапани, аҳаҭыри имоуп» ҳәа азгәеиҭеит академик.
Аԥсуа ботаникцәа ааԥхьара рырҭеит Ҟрымтәи адгьылбжьахабжа ақалақь Иалтаҟа. Никитсктәи аботаникатә баҳча аиҳабы иааԥхьара иабзоураны идырбан иуникалтәу аколлекциахкқәа еидызкыло адендрариатә баҳчеи аҳәарԥсарреи». 2000 хкыжәла аҵиаақәа еидызкыло ари аҭыԥ блахкыгоуп», иҳәеит ибла иабаз инаҭаз ацәаныррақәа ҳацеиҩызшаз академик Сергеи Бебиа. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла уи ҟаҵоуп абаҳчатә- ҟазара ҳаракы иақәшәо, аҵиаақәа зегьы еиҭаҳауп адекоративтә баҳчақәа раԥҵаразы иҟоу аԥҟарақәа ирықәыршәаны.Адендрари еихшоуп ԥшь-хәҭакны Хыхьтәи, Ҵаҟатәи, Амшынҿықәтәи, Монтеадор аҵакырақәа рыла. 40 гектар зҵазкуа адгьылҵакыраҿы ирызҳауеит шамахамзар иуԥымло аԥсахкқәа, иара убасгьы еснагь ииаҵәоу аҵиаажәлақәа. Иаҳбаз аҵиаақәа реиҳараӡак ҳара ҳҟныгьы ирызҳауеит, иҳамоуп. Аха иҟоуп хкқәак иаҳцәыӡхьоу. Урҭ еиҭашьақәыргылат́әуп, иҳәеит аҵарауаҩ Сергеи Бебиа. Аусуратә ныҟәара хырқәшо аԥсуа ҵарауааи аԥшәмацәеи ԥхьаҟатәи русеицура иазку азҵаарақәеи, рыгәҭакқәеи ирылацәажәеит. Никитсктәи аботаникатә баҳча аиҳабы, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-акорреспондент, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор И. В. Плугарь хантәаҩыс дамоуп ԥасатәи Асовет Еидгыла иалаз аҳәынҭқаррақәа рботаникатә баҳчақәа рхеидкыла. Ҵыԥх ахеидкыла иалоу реилатәара мҩаԥысит Санкт-Питербург, Пиотр актәи ихьӡ зху аботаникатә баҳча аиубилеи азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Усҟан абжьаҭаразы иқәыргылан анаҩстәи аилатәара ахьымҩаԥысуа аҭыԥ. Минсктәи аҵарауааи, Аԥснынтәи аусмҩаԥгатә иалахәыз Сергеи Бебиеи рыбжьара, иалызхуаз аботаникаҭҵааҩцәа хынҩажәи жәохә наӡын абжьы Сергеи Михаил-иԥа ирҭеит, абас ала иӡбан анаҩстәи аиԥылара Аԥсны амҩаԥгара. Ари даараӡа зымҽхак ҭбаау, зҵакгьы ҵаулоу усмҩаԥгатәуп, ахарџьгьы маҷымкәан иацуп. Аха ҳара иҳамоуп идҳарбаша, ирзеиҭаҳҳәаша насгьы идзырбашеи ирзеиҭазҳәашеи. Аиԥш зеиԥшу, аусмҩаԥгатәқәа хадароуп анаука арҿиаразы, аҳәынҭқарра аӡыргаразы ҳәа азгәеиҭеит Сергеи Бебиа.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me