Зхәышҭаара ҿымцәаз

«Аԥсуа хаҵа ииҳәаз ҳәазароуп. Ихымҩаԥгашьа, ицәажәашьа, итәашьа, игылашьа, ихәыцшьа раӡазароуп… Ажәлар рҿы иқәгыланы ажәа здырҳәоз, идырцәажәоз, хьаҳәа-ԥаҳәа змамыз, зыԥсы цқьаз, ҳажәлар рус азы иааԥсахьаз, иаҽԥныуҳәало акгьы имамзар акәын…

Аибашьраан зыбжьы умаҳауаз џьоукы-џьоукы уажәы ажәлар ахшыҩ рыҭареи рылабжьареи рзы агәаӷьра ду рымоуп… Аҭоурых иахамышҭуа Арӡынба Владислав игәаӷьреи иқәгыларақәеи ажәлар шазыӡырҩуаз, ишрыдыркыоз шәгәалашәыршәала, шәаԥхьала, аҿар ирызнажәгала…
Ахаҵа ажәлар дрылагыланы дцәажәаразы, дызнысыз амҩа даныԥшылароуп. Иҟаиҵаз ишәароуп, изароуп… Иарбан шьаҿазаалак иҟаиҵо амал иадҳамҳәалалароуп… Ҳҵеицәа зҭахазеи ҳҳәо ҳҟамлааит!»

Сергеи Цәышба
(2004 ш.)

Аԥсны еицырдыруаз, асас изы зыҩны ашә аартыз, Асовет аамҭазы иарбан политикатә еибарххаразаалак иалахәыз, зныктәи ицәажәара аӡәы даԥсоуп ззырҳәоз ацәажәаҩ, аҟәыӷа ду, ҳҭоурых згәы аҵаӷара иадыз Сергеи Шьарадын-иԥа Цәышба ихьӡ еицырдыруеит.
Иԥшәма Лиуба Кәыҷа-иԥҳа Шамбеи иареи ԥшьҩык ахшара рааӡеит: Рубина, Русҭем, Марина, Ремзик. Ҭаацәала аколнхараҿы махәҿала аус руан. Ран Лиуба «Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы лыхҵан. Рыҩны есымша уаала иҭәын. Аҭаацәара реиҳабы Сергеи ихшаз анхбыџха инаркны Аԥсны иахнагахьоу арыцҳарақәа рзеиҭеиҳәон. Даргьы рыԥсадгьыл аҭоурых иазҿлымҳан. Аԥсуа хаҵа ихымҩаԥгашьеи иааӡашьеи лассы-лассы далацәажәон. Абас аҭаацәара рхы иақәгәырӷьо ишыҟаз 1982 шықәсазы амҩамашәыр иахҟьаны аҭаацәара реиҵбы Ремзик дҭахоит. Рхьааи ргәыӷрақәеи еидҳәало аԥсҭазаара амҩа ианын.
Русҭем Цәышба иашьа данҭаха ашьҭахь иара иакәын аҭаацәараҿы изхәаԥшуаз. Аԥсны иазкны иҭыҵуаз ашәҟәқәеи астатиақәеи зегьы дрыԥхьон. Анхараҿы иани иаби дрывагылан. Даныхәыҷыз инаркны аҭоурых иазкыз ашәҟәқәа ргәыбылра ицын.
Русҭем Калдахәаратәи (Ганҭиадитәи) ашкол-интернат доушьҭымҭан. Уи ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет абиологиа-географиатә факультет дҭалоит, занааҭла агеографиа амаҭәар алихуеит. Истудентра ашықәсқәа раан, усҟантәи аамҭазы ақырҭцәа амлашьратә акциақәеи, амитингқәеи, ақәгыларақәеи имҩаԥыргоз иаартны ирҿагылоз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан. Русҭем икурс аҿы аҵара ицызҵоз, иҩыза гәакьаз Хәыхәыт Бганбеи иареи жәлар рфорум «Аидгылара» аилатәарақәа рыҽрыладырхәуан. Аҿар рыҩнуҵҟа аиҿцәажәарақәеи аиԥыларақәеи мҩаԥыргон Владимир Анқәаб, Ермолаи Аџьынџьал, Руслан Гәажәба уҳәа.
Русҭем ААУ даналга иқыҭа Абӷархықә рҵаҩыс аусура далагеит. 1992 шықәса алагамҭазы Аԥсны аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аштаб аҟны хатәгәаԥхарала архәҭахь дрыдыркыларазы арзаҳал иҩит.
Аибашьра иалсыз иаҳәшьа Марина илгәалалыршәон: аибашьра ианалага Охәреи агарнизон аҟны дыҟан. Аибашьра цон, ҳаб Русҭем ихабар ахьизеилымкаауаз даараӡа иқәыӷәӷәон, аха инирԥшуамызт. Аҵыхәтәан дахьыҟаз еиликааит. Ҳаб уахгьы-ҽынгьы иажәа иалан: «Владислав дуӡӡа идырреи иԥсадгьыл ахь имоу агәыбылреи Аиааирахь ҳнаргоит. Аҟәыш иажәа акыр иаԥсоуп… Ҳаҷкәынцәа ршьала ҳаԥсадгьыл еиқәдырхоит. Аха иҭахо рацәаҩхоит».
Сергеи уахгьы-ҽынгьы Гәдоуҭатәи апрес-центр аҟны дыҟан иҷкәын ихабар изеилкаауазар ҳәа. Аибашьра цоижьҭеи ҩажәеи жәаха мшы анҵуаз Русҭем Сергеи-иԥа Цәышба фырхаҵарала Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа аҭарцәраан дҭахеит (27.09.1992 ш.). Аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы Баслахә ақыҭа аҭарцәраан Русҭем дырхәхьан.
Сергеи иԥа иӡбахә далацәажәаӡомызт. Еснагь мрагыларатәи афронт игәы иҵхон. «Амацәаз иҭакуп. Рабџьар, рыфатә-рыжәтә, рхы иахәароуп, ргәы кармыжьроуп». Аӡәы аҩны данааилак абас иҳәон лҳәеит иԥҳа.
Русҭем иан лылақәа ҟаԥшьӡа данааҩналалак, иара ус иҳәон: «Ара аҵәуара ҟалаӡом, мрагылара инхо ҳашьцәа ацхыраара рҭахын. Русҭем иҟаиҵаз ииашаны иҟаиҵеит. Зегьы лахьынҵак-лахьынҵак ҳамоуп, иҟало аабап. Анцәа инапы ҳануп…»
Аԥсны аибашьра иалагаанӡа Сергеи аҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа лассы-лассы изнеиуан, иҿцәажәон. Владислав Григори-иԥа Арӡынба иара изы дынцәахшан. Урҭ изныкымкәан еицәажәахьан. Уи дихцәажәо Сергеи Шьарадын-иԥа зны ус иҳәеит: «Аԥсуаа аразҟы ду ҳаман, убри еиԥш аҵеи хазына дахьҳамаз».
Русҭем иԥсыбаҩ Гәдоуҭаҟа ианиаргоз иаб ида аҩны аӡәгьы издырӡомызт. Иаҳәшьа Марина, ус лҳәеит: «Гәдоуҭа Цәшаа еизаны иахьгылаз снеит. Сара Русҭем дыхәны дыҟоуп, вертолиотла дааргоит ҳәа сарҳәеит. Апресс-центр аҟны снеит. «Тҟәарчалынтә ахәцәа-аибашьцәа ҩыџьа ааргараны иҟоуп, ианбаарго?» ҳәа сҵааит. Игылаз ус лҳәеит: «иҭахаз аибашьцәа ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа роуп иаарго. Урҭ Русҭем Цәышбеи Николаи Луци роуп». Азныказы адунеи лашьцеит сара сзы. Амардуан цәгьала сылбаауеит ҳәа сшаҿыз Русҭем ибзиан дыздыруаз адыга ҷкәын Роман Силашов дысԥылеит. Бамбора аеродром ашҟа сигеит. Аха иаазгоз авертолиот агхеит. Гәдоуҭатәи акультуратә хан ахь ҳхынҳәит. Еизаз ауаа рацәан. Ҳауацәа еилақьызқьызуа иҵәуон. Саб илабашьа иҵаргәаны, иҽырӷәӷәаны дгылан. Сара сыҽсзеиқәкуамызт. Саб дзыдгылаз даарылҵын, аӷьеҩ аасхиргеит: «Ҳабмырԥхашьан… Башьа иԥсы бмырԥхашьан. Бҽырӷәӷәа!», – иҳәан ишьҭахь дхынҳәит. Иҭахаз рҩыџьагь анааҭырга: «Анцәа унапы ҳануп. Ҳашьцәа еибашьра иааз, ҳџьынџьуаа рҿынтә аӡәы дахьҭамхаз, ара инхо аԥсуаа аразҟы ҳаман… Еизаз иҭабуп!», – иҳәеит саб.
Русҭем Цәышба дызлаз агәыԥ Аԥсны иалсуа амҩа Тҟәарчалтәи абжьаларҭахь ишцоз аӷацәа ирылашәеит. Уаҟа дырхәуеит. Ихәра ӷьаанӡа Охәреи агарнизон аҟны иҟаз рыла Леонид Наҷҟьебиа еиҿикааз агәыԥ далалоит. Русҭем дызлаз агәыԥ «Ашьауҩы» ахьӡын. Убра дахьынӡаҟаз, аҵиаақәа ирылхыз, аԥсуа хәшәқәа рыла, Баграт Хаҳәбиа дихәышәтәуан. Ашьҭахь Русҭем дызлаз агәыԥ Кындыӷҟа ииасит. Кындыӷ аҭарцәразы апартизанцәа ргәыԥқәа руак Ҭамаз Гогиа напхгара аиҭон.
Аиҿахысра ӷәӷәақәа руак аан, Русҭем иуаҭәа ахы аахеит, иааигәара анеира алшара ыҟамызт. Аамҭа ԥыҭк шцазгьы, ирулак Русҭем далыргеит. Иалгараан иҭахазгьы ҟалеит. Русҭем ашьа рацәаны ицәцеит. Тҟәарчалҟа ахәышәтәырҭахь дыргеит, аха иԥсы рзеиқәмырхеит. Усҟан Мрагыларатәи афронт аҿы еибашьуаз Русҭем рнапы дықәыргыланы дымҩаԥыргеит. Ахьа ҭоубыҭ дҭаҵаны, иаҭахыз зегьы ацҵаны наӡаӡа ҳәа иаҳәаны дызҭаз аҭоубыҭ амҩа иқәырҵеит. Кәтол ақыҭаҿы инхоз Русҭем иан лаҳәшьа Дусиа Шамба – Тапаӷәуа аҭоубыҭ дацны дааит. Русҭем иҩызцәа аибашьцәа ахьи аԥареи еизыргеит, авертолиот аӷацәа идыртәар аԥсыбаҩ рырымҭаразы. Уи Дусиа илырҭеит, аха амҩан ирҭахымхаӡеит. Ашьҭахь уи абџьар алаахәан.
Русҭем Цәышба дигәаларшәо аибашьҩы Бганба Адамыр ус иҳәеит: «Русҭеми сашьа Хәыхәыти еишьцәак реиԥш еизыҟан, еизааигәан. Русҭем иҭахара ҭаацәала ҳаблит. Иахьа Русҭем дызцеибашьуаз Арасаӡыхьаа еснагь дыргәаладыршәоит. Уи ихьӡ акамыршәаразы Арасаӡыхьтәи ашкол аҿы акласс ихьӡ ахҵоуп. Абаҟаҿы ихьӡ ануп, исахьа кыдуп… Русҭем аԥсуала иааӡаз, ауаҩра дуӡӡа злаз, зхы аҵкыс зыԥсадгьыл бзиа избоз, игәымшәаз хаҵан».
1960 ш. октиабр 22 рзы ииз Русҭем забиԥара иацызҵашаз иакәын, дҭаацәарамызт. Фырхаҵарала иҭахаз анышә данамардоз Владислав Григори-иԥа Арӡынба аԥысыжраҿы дыҟан. Зԥазаҵә дҭахаз Сергеи Шьарадын-иԥа дицџьабо дидгылан. Афырхаҵа фырхаҵаҵас дымҩаԥыргеит.
Русҭем Цәышба иаҳәшьа Марина лашьа данҭаха ларгьы аԥсадгьыл зыхьчоз дынрывагылеит. Илылымшозгьы лылыршаны Аиааира даԥылеит. Иахьа аҩбатәи агәыԥ ахымхәа ҳәа дыҟоуп. Аныҟәара лцәыуадаҩуп. Дызнысыз амҩеи лҭаацәа ирхыргази лаӷырӡыла еиҭалҳәоит.
1994 ш. Аԥсны зхатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз Даӷьсҭантәи авар Мусаев Ибрагими лареи рыԥсҭазаара еиларҵеит. Аҩнаҭаҿы аҵеи диит.
«Русҭем данҭаха ашьҭахь убас аҭагылазаашьа ҟалеит, ҳан аԥсҭазаара лхы ахылбаауан, анышәынҭрақәа дрыдҵӡомызт, есааира лымчқәа каԥсон. Саб иҩны ашә акыр сҭахӡамызт.
Ииз аҵеи Русҭем анихьӡыстә маҷк саби сани рҭагылазаашьа еиӷьхеит. Ахәыҷы иаб иасҳәеит сыжәла исҭар шысҭахыз. Дара рҿы ан илҭаху ажәла алылхуеит. Аҩны саннеи саб сыгәҭакы иасҳәеит. Азныказы мап икит. «Ахәыҷы иаб ижәла дахыбымбаан,»– иҳәеит, илаӷырӡқәагьы рҿылархеит. Аамҭа ԥыҭк анца ихала ицәыригеит. «Дара рмилаҭ рҿы ус иҟоу аҵас рымазар, ргәы иалымсуазар ҳажәла иҭа», –иҳәеит. Раԥхьа – саб мап аник, ахәыҷы ижәлала аршаҳаҭга ҳгеит. Саб данақәшаҳаҭха иара 11 шықәса ихыҵуан. Усҟан забду изыӡырҩуаз Русҭем хәыҷы иабду ус иеиҳәеит: «Даду, сара атәылауаҩшәҟәы ансырҭо сыжәла схала исыԥсахуеит». Русҭем ииҳәаз иажәа наигӡеит.́
Сан лыԥсҭазаара далҵит. Саб дычмазаҩын, дбатәын. Сҭаацәаратә ҭагылазаашьа уадаҩын. Уи зегьы аартны Русҭем иаб иасҳәеит. Иҟаз еиликааит. Аибабара ҳабжьоуп, иԥа дибоит. Саби сани рыԥсқәа ҭынчуп. Сашьцәа аҩыџьегьы анышә иахьамоу даргьы рааигәа ишьҭоуп»,– лҳәоит Марина.
Сергеи Шьарадын-иԥа Цәышба иашҭаҿы аԥсҭазаара адацқәа рҽеиҵырхуеит. Еибашьуаз Марина, Русҭем ишьоуразы амҩа ианылаз лҩызцәеи лареи Аиааира ҳзааргеит. «Сара, Аԥсны Афырхаҵа Русҭем Цәышба иаҳәшьа, исҭахуп ҳажәлар аԥеиԥш бзиа роурц… Зышә акыз, Аԥсны ахы-аҵыхәа, зхатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәарақәа, зыԥсҭазаара ҿахҵәаз аибашьцәа зегьы ргәалашәара аҿаԥхьа схырхәоит. Зыхшара аԥсадгьыл азы изааӡаз анацәа-ахцәышлақәа шәыӷәӷәара аҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит. Аԥсуа жәлари Аԥсни еигымзааит, бзиарас иҟу зегьы рыцзааит», –лҳәеит лара.
Аԥсны еиҿкааз жәлар рфорум «Аидгылара» иалахәын Сергеии уи иԥа Русҭеми. Сергеи Абӷархықә ақыҭан «Аидгылара, дахантәаҩын.
– Ҳажәлар ирыдҳәалоу ахҭысқәа сара сзы иԥшьоуп. Урҭ анысгәалашәо ҭаацәала зегьы аџьџьаҳәа ҳаҩны ҳаныҟаз аамҭахь сагоит. Иҭабуп аԥсҭазаараҿы иҟаз аҭоурыхтә хҭысқәа рахь лассы-лассы ҳхьазырԥшуа, иаҳгәалазыршәо, иахьырхамышҭуа… Ашәышықәсақәа ирылганы, аӡеибафара рҽамҭакәаны аԥсуа жәлар еиқәдырхаз ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш ду аиуааит, уи зыԥсы ақәызҵаз, изыхьчаз зегьы наӡаӡа ҳаԥсадгьыл аҭоурых иагәыцәны инхоит. Зхәышҭаара ҿымцәаз Сергеи Шьарадын-иԥа Цәышба имаҭа дышәҩыкхааит.

Гугуца  Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me