Лыхьӡ наунагӡа иаанхоит

68 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аԥсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа бызшәа акафедра №1 адоцент Наталиа Урусбеи-иԥҳа Лихова.
Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аректорат, апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, афилологиатә факультет астудентцәа гәалсра дула ирыдашшылоит аԥсы лҭаацәа, лгәакьацәа, лҭынхацәа.
Наталиа Лихова диит 1957­ шы­қәса март 21 азы Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Гәымлоқыҭ .
1974 шықәсазы дҭалеит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, азанааҭ «аԥсуа бызшәеи алитературеи, анемец бызшәеи».
Аамҭакала лаборантс дрыдыркылеит аԥсуа бызшәа акафедраҿы абаза-адыга бызшәақәа рызҟазак лаҳасабала.
1989 шықәсазы аспирантура далгеит Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет аҟны азанааҭ «Кавказтәи абызшәақәа» ала. Иара убри ашықәс инаркны Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны аԥсуа бызшәа акафедраҿы аус луан. 2010 шықәсазы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵаратә хьӡы аиуразы адиссертациа лыхьчеит.
Наталиа Лихова аԥсуа-абаза, адыга бызшәақәа рзы алеқциақәа дрыԥхьон, иара убас аԥсуа-адыга бызшәадырра иазкны акурс ҷыда даԥхьон.
Лара дравторуп «Аԥсуа-адыга бызшәақәа рҟны ақәыԥшылареи аамҭеи» захьӡу амонографиа, иара убас аҭҵаарадырратә усумҭақәа 15 инареиҳаны, астудентцәа рзы арҵагатә цхыраагӡақәа жәпакы.
Наталиа Лихова лыԥсҭазаара лалҵра цәыӡ дууп Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет азы мацара акәымкәа, иааидкыланы аԥсуа-адыга филологиазгьы. Уи лгәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me