Еҭери БАСАРИА – 75 шықәса

Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Еҭери Басариа диижьҭеи 75 ш. ҵит.

Еҭери Фиодр-иԥҳа Басариа диит (03.06.1949) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.  СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Украина ашәҟәыҩҩцәа Рмилаҭтә Еидгылеи, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. В. Г. Короленко (1999), Н. Гоголь (2008), И. Долгоруки (2008) рыхьӡқәа зху апремиақәа ланашьан. Ашәҟәыҩҩы аԥсуа қыҭа дшааазгьы, аԥсшәа шылдыруазгьы, дыҩуан урысшәала. Лырҿиамҭақәа зегьы шамахамзар аԥсуа ԥсҭазаара иазкуп.

В. М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети (1972), А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институти (1973) қәҿиарала дрылгеит. Лҵара аныхлыркәша ашьҭахь аус луан Москва, акибернетика аинститут апресс-центри, ажурнал «Кибернетикеи» (1980ш. азынӡа) рҟны. Аамҭак азы Аҧсуа радио адикторс дыҟан. 1989-1999 шш. раан агазеҭ «Труд» акорреспондент ҷыдас аус луан. 2000-2002 шш. рзы ажурнал «Доктор» аредакторс даман. 2002-2004 шш. рзы акәзар, агазеҭ «Правда Украины» аҟны аредакциа  аҟәша деиҳабын.

1972 ш. инаркны лҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Юность», «Алашара» (аурысшәахьтә аиҭагақәа), «Абаза», украинатәи апериодикатә ҭыжьымҭақәа уҳәа егьырҭгьы.

Иҭлыжьит ароманқәа хԥа, аповестқәа, хыԥхьаӡарарацәала  ажәабжьқәа.

Аурысшәахь еиҭалгеит Баграт Шьынқәба ироман «Ахаҳә еиҩса» аҩбатәи ашәҟәы, Витали Амаршьан иҭоурыхтә роман «Аҧсҳа» (иҭыжьуп Аҟәа, 2003, «Леон Апсха» ахьӡны, аҩбатәи аҭыжьымҭа иахьӡуп «Апсха», Аҟәа 2012).

Е. Басариа лырҿиамҭақәа жәпакы, аҧсуа, аиталиан, аукраин, анемец бызшәақәа рахь еиҭагоуп. Авторс дрымоуп иара убас аҧсуа поетцәа Иуа Коӷониа, Таиф Аџьба, Геннади Аламиа  уҳәа ирызку астатиақәа.

Урысшәала жәохә инареиҳаны лышәҟәқәа ҭыжьын. Аԥсшәахь еиҭаганы иҭыҵит: «Абас адгьыл аншу» (Аповести ажәабжьқәеи, Аҟәа, 1980).

2013 ш. маи 13 рзы иаамҭамкәа лыԥсҭазаара далҵит, аҭаацәара даналала ашьҭахь акыр шықәса дахьынхоз Киев ақалақь аҟны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me