Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш

Ииун 1 адунеи зегьы аҟны иазгәарҭоит ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит ахәыҷқәа рныҳәа. Убас Тарас Шамба ихьӡ зху ақалақьтә баҳчаҿы имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатә. Уи еиҿыркааит Аҟәа ақалақь иатәу амуниципалтә усбарҭеи ацхыраагӡатә школ анапхгареи.

Ахәыҷқәеи аҭаацәеи дрыдныҳәало дықәгылеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.

Аныҳәатә программа мҩаԥылгон Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ арҵаҩы Есма Асабуа. Ашҭа ҭбаа арԥшӡон, ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәеи, ақалақь аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәеи рфотосахьақәа рцәыргақәҵа, асценаҿ аниматорцәа инарыгӡон еиуеиԥшым амузыкатә қәгыларақәа, хазы ахәыҷқәа ирзеиҿкаан асахьаҭыхратә кәакь, иара убас аныҳәа иаҭааз асасцәа хәыҷқәа алшара рыман ахаа-мыхаақәа ргьама абара.

Ахәыҷқәа ирызку ари аныҳәа иацҵахоит иааиуа амш азгьы.  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me