Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш рыдиныҳәалеит

Рашәарамза  1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы, иҳәоуп: « Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, еизҳауа абиԥара! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш. Ахәыҷқәа - ҳаԥсҭазаараҟны зегьы иреиӷьу аҭыԥ ааныркылоит. Ҳара ргәы бзиазарц, насыԥ рымазарц, аҵарадырра бзиа роурц, раԥхьаҟа аԥсҭазаараҟны амҩа лаша ианыларц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Ахәыҷы нап идкыланы иааӡара, изинқәа рыхьчара - иарбанзаалак аҳәынҭқарратә политика азҵаара хадақәа ируакуп. Ахәыҷқәа - ҳара   ҳҭынха, ҳԥеиԥш иацызҵо роуп. Ҳарҭ аиҳабацәа ҳауп аҭакԥхықәрагьы зду ауаҩра рылҵырц азы, раԥхьаҟа иаԥсоу аԥсҭазаара рзаԥҵаразы. Ахәыҷы еизҳараҟны, ҳәарада, аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ааӡара. Убри аҟынтә иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аҭаацәа, арҵаҩцәа, иара убас еизҳауа абиԥара реиҵааӡара зџьабаа аду зегьы. Раԥхьатәи аԥхынтәи  амш азы Аԥсны ахәыҷы жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, анасыԥ, агәырӷьара, агәабзиара! Ирыгны иҟамлааит аиҳабацәа рыгәцаракра, рыбзиабара!».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me