Валериан Кобахиа диижьҭеи 95 ш. ­ҵит

Иналукааша апартиатә, аҳәынҭқарратә усзуҩ, апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩыс иҟаз Валериан Осман-иԥа Кобахиа диит лаҵарамза 15, 1929 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.


1944 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, 1947 шықәсазы –Аҟәатәи арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. Уи даналга ашьҭахь усура ддәықәҵан Лыхнытәи абжьаратә школ ахь.
1953 шықәсазы акомҿартә усура дазкын: Гәдоуҭа араионтә комҿареидгыла аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1955 шықәсазы далхын Аԥсны акомҿареидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс.
1958 – 1960 шш. Валериан Кобахиа аџьажәлар рдепутатцәа Гәдоуҭатәи рраионтә хеилак анагӡаратә комитет ахантәаҩыс аус иуан.
1960 шықәсазы Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа Ацентр Комитет аҿы иаԥҵаз Иреиҳаӡоу апартиатә школ ахь ддәықәҵан. 1962 шықәса инаркны – апартиа Гәдоуҭатәи араионтә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.
1965 – 1975 шықәсқәа рзы – апартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан. 1975 – 1978 шш. – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1978-1990 шш. – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩыс.
Нанҳәамза 25, 1990 шықәсазы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩыс дшыҟаз, Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы Адекларациа инапы аҵаиҩит.
Валериан Кобахиа СССР Иреиҳаӡоу Асовет VII, VIII, IX ааԥхьарақәа рдепутатс дыҟан. Валериан Кобахиа иԥсҭазаара далҵит рашәара 28, 1992 шықәсазы.
Ахԥатәи аԥшьбатәи ааԥхьарақәа раан Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба абар Валериан Осман-иԥа Кобахиа дшигәалашәо: «Аԥсназы иуадаҩыз аамҭақәа раан апартиатә ҭыԥ ду ашҟа раԥхьаӡа акәны иалырхуаз аԥсуаа дыруаӡәкын. Валериан Кобахиа жәашықәса егьаарыгымхо (1965 ш. сентиабр инаркны) апартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Ари аамҭазы ашьҭыҵра иаҿын аԥсуа жәлар рмилаҭтә хдырра, иӷәӷәахон иҿаҳәатәха идәықәлаз ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа ирҿагыланы ахақәиҭтәразы ҳажәлар рықәԥара».
2021 ш. март 17 азы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аилатәараҿы ақәҵара рыдыркылеит ԥасатәи Аминистрцәа Рсовет ахыбра азааигәара, Аидгылара амҩа иаԥну абаҳча Валериан Кобахиа ихьӡ ахҵаразы. 2022ш. август 3 аҽны уаҟа ибаҟа ықәыргылан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me