Уаанӡа ҩ-тәылак – Аԥсни Урыстәылеи ракәызҭгьы иалахәыз, сынтәа ари аконкурс 8 тәылак рхаҭарнакцәа рҽаладырхәит, зынӡа ҩышәҩыуаак рҟынӡа рхыԥхьаӡара наӡон иалахәыз.
Аконкурсаҿ иаиааиз аҳамҭақәа ранашьара иазкыз ацеремониа аартуа, афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы, амузыкаҭҵааҩы Есма Џьениа дазааҭгылеит аконкурс амҩаԥгара Аԥсны акультура аԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду шааннакыло. Илҳәеит иара убас, ари агала-концерт ала ишалымго рықәгыларақәа. Уи иацҵахоит Аԥсни Урыстәылеи рықалақьқәа рҟны.
Раԥхьаӡа асценахь даалыԥхьеит аконкурс иаиааиз Агран-При зауз Александр Широков, иара убас иԥшәма Анна Иуркус – афортепиано, инарыгӡеит Рахманинов иаԥҵамҭа «Дисонанс».
Уи ашьҭахь асценахь дцәырҵит аконкурс аиҿкааҩ Алиса Гыцба, лара лнапы ианыз амиссиа ҳаракы, иалкаахаз аҳамҭақәа ранашьаразы. «Аоператә ашәаҳәараҿы» аҩбатәи апремиа ланашьан Катрин Веласкес (Никарагуа) уи длыдныҳәало лнапаҿы илиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Аҩбатәи атурахь инеит 143-ҩык анагӡаҩцәа. Иара убас ахыркәшамҭаз иқәгылеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә акамертә оркест Давид Терзиан инапхгарала, Краснодартәи асимфониатә коллектив Раушан Иакупов напхгара ззиуеи.
Ахәшьара аҭаразы иалхын академиатә ҟазараҿ еицырдыруа Евгени Хохлов зхыԥхьаӡараҿ дыҟаз амузыка аԥҵаҩцәа.
«Аоператә ашәаҳәара» аноминациаҿы актәи апремиа ранашьан: Екатерина Мишинеи, Андреи Попови. Аҩбатәи апремиа – Иури Фельдшерови, Екатерина Веласкеси. Ахԥатәи –Анастасиа Поповеи, Наталиа Цвирскаиеи, Светлана Лубковеи. Ахԥатәи апремиа еицеиҩыршеит Ернест Сулеиманови, Полина Тихоновеи.
«Аккомпанемент аҟазараҿы» – актәи апремиа Алеқсандр Широков, аҩбатәи – Александр Егорови, Анна Катеневаи, ахԥатәи апремиа Георги Манзурови, Емилиа Монтаии. Аҳамҭақәа ранашьара ашьҭахь, аконкурс иалнакааз имҩаԥыргеит агала-концерт.
Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцба илҳәеит ари ала русура шыхдмыркәшо. Апроект аҳәаақәа есышықәса аҽарҭбаауеит. Уи аҿар рзы рҿиаратә лагамҭа дууп. Араҟа аицлабра, аҽалархәра дара хымԥада ирнаҭоит адырра, аԥышәа ду. Аиааирагьы алыршахоит аџьабаа, ԥымкрада ахы аус адулара иабзоураны.
Наира Сабекиа


