Ахатәы бызшәа адоуҳамч

Аԥсуа бызшәа амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны имҩаԥган алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» 70 шықәса ахыҵра иазкыз ахәылԥаз.

Аусмҩаԥгатә рҽаладыр­хә­ырц уахь имҩахыҵит Аԥсны ашә­ҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа, абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гә. Кәыҵниа, ажурнал «Амцабз» аредактор хада Гә. Сақаниа.
Саси-ԥшәымеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, аиқәшәара аалыртит ашкол-интернат аиҳабы А. Ҷолокәуа. Уи дазааҭгылеит ашколхәыҷқәа рымчала еиҿкааз аусмҩаԥгатә ахықәки аҵаки.
Иубартә иҟан аҵаҩцәа даара ибзианы ишазыҟаҵаз. Урҭ исахьаркны ирыԥхьон аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа, инарыгӡон еиуеиԥшым аинсценировкақәеи ашәақәеи.
Иналкааны иазгәаҭатәуп ашколхәыҷқәа рхатәы бызшәа шьахәла ишырдыруа, уи рықәгыларақәа ишырныԥшуаз, изыԥхьоз, инарыгӡоз рҵакы шеилыркаауаз, ишырныруаз. Хымԥада, аԥсуа бызшәа амчы­бжь азгәаҭараан уи шьарда аҵанакуеит. Араҟа арҵаҩцәа ирыбзоуроу рацәоуп ахәыҷқәа рхатәы бызшәа абзиабара рылааӡараҿы, убри аҟнытә, уи даара игәцаракны иазнеиуеит. Ашәаҳәаҩцәа ргәыԥ иалаз рышәҵатәы еиԥшны, насгьы ажурнал аҳаҭыр азы «Алашара» – 70» ҳәа анҵаны асценахь рцәырҵра ахәаԥшцәа аршанхеит.

Уи мацара акәымкәа, аусмҩаԥгатә иаздырхиеит ажурнал «Алашара» ахьӡ згәылубаауа абаннер ду. Абарҭқәа зегьы ишьақәдырӷәӷәоит аҵаҩцәа ирылоу аҟыбаҩ.
Анаҩс ажәа рыман ашкол-интернат иаҭааз асасцәа: В. Аԥҳазоу, А. Лагәлаа, Гә. Кәыҵниа, Гә. Сақаниа. Аԥсуа бызшәа амчыбжь аныҳәа рыдныҳәалауа, иазааҭгылеит ажурнал «Алашара» аиубилеи инадҳәаланы аԥсуа литература знысхьоу амҩа, аханатә еиԥш, ахьӡ ҿыцқәа шцәырҵуа. Ҳәарада, аҿар алитературахь раԥхьатәи ршьаҿақәа ахьеихырго еиҳарак ашколқәа рҟны ауп. Убри аҟнытә, арҵаҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи реимадара аҵакы дуны иахәаԥшуеит, агәра ргоит аԥхьаҟагьы русеицура иабзоурахо шырацәахо.
Ахәылԥаз ахьымҩаԥысуаз иара убас ицәыргақәҵан ашколхәыҷқәа рымчала иҭыхыз асахьақәа, аграфика иаҵанакуа Дырмит Гәлиа исахьа еиԥш, араҟа улаԥш нарықәшәон асахьаркыратә литература шьаҭас иҟаҵаны иҭыхыз еиуеиԥшым асахьақәа, ҵакыла игәылырҭәаау, уздызыԥхьало, узырхәыцуа апеизажқәа. Иҭызхыз реицлабраҿы иалкаатәын иреиӷьу аусумҭақәа хԥа. Урҭ ралԥшаара асасцәа ирыдыргалеит. Ҵабыргны, еицҿакны иалыркааит иреиӷьуп ҳәа ирԥхьаӡаз х-усумҭак. Инеидкыланы уахәаԥшуазар, аусумҭақәа ирыҵубаауеит ахәыҷқәа аҭыхра иахьазыманшәалоу адагьы, аҭыхраан акомпозициа аиҿкаара шрылшо, рыгәҭакы ацәыргашьа ишақәшәо.
Ашкол-интернат аиҳабы А. Ҷолокәуа лнапхгарала аусмҩаԥгатә азлырхиеит арҵаҩы Л. Ԥаӷәааԥҳа.

В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me