Константитн Габелиеи иԥшәма Заира Гегенааи ирааӡон ԥшьык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи, ҩыџьа аԥҳацәеи, Анцәа ишиҳәара иҟан. Аб даара инапы ҟазан, иара инапҟазара иҷкәынцәагьы иҿырҵаауан. Ран Заира лакәзар, дыԥҳәыс ҟәыӷан, лбызшәа ҵаулан, лхымҩаԥгашьа, лтәашьа-лгылашьа – аҳкәажә ззырҳәоз лакәын. Лара шьҭрала Ҭхьына ақыҭа датәын. Убри азы акәхап, раншьцәа рахь ирымаз агәыбылразы аишьцәа руаӡәк Амиран иааӡарабжа зегьы Ҭхьына изадҳәалоу. 
Аишьцәа–аибашьцәа Генеи Амирани Габелиаа ирыцеибашьуаз Реваз Басариа, Иура (Азамаҭ) Ҵәыџь, рқыҭа иалҵыз, Гена ашкол ицалгаз Мурман Шармаҭ, иара убас раншьцәа Ҭхьынаа Роман (Ҷыҷа) Кәыркәнаа, Рамин (Мика) Џьелиа, Алиас (Уҷа)Торчуа рҩызцәа ргәаларшәо иазааҭгылеит аишьцәа реибашьратә мҩа.
«Иаргьы саргьы есҽны ҳаицын» 
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Реваз Басариа ҩыџьа аишьцәа Генеи Амирани Габелиаа игәаларшәо, иазгәеиҭеит урҭ зегьы раԥхьаӡа иргыланы ламыс злаз, ачеиџьыка змаз, агәы ӷәӷәа зызҭаз шракәыз. 
–Абжьаратә ҵараиурҭа ианалга ашьҭахь, арра ирыԥхьеит, руалԥшьа рыхганы иааит. Раԥхьа далган дааит Амиран. Гена иакәзар, ҩба-хԥа шықәса рышьҭахь аррантә даныхынҳә, аиҿкаара иаҿын аԥсуа гвардиа. Иара иаразнак асиа иҽаниҵеит. Гена иашьеиҳаб Амиран (Амрикәа) убригьы хымз инарзынаԥшуа аԥсуа гвардиа далан. Гена уаҟа дшыҟаз ауп аибашьра ишалагазгьы. Амиран иакәзар, Очамчыра иаб аус ахьиуаз ауасҭаратә цех аҟны дивагылан. 
Аишьцәа аҩыџьегьы патриотцәан, ианыхәыҷқәаз инаркны иаҳдыруаз ракәын, иламысуаан, аӡәы ишьҭахь игылаӡомызт, аибашьраҿы рхы ибзианы иаадырԥшит. 
Гена иарбан жәыларазаалакгьы далахәын, ахаан ихы ԥхьеикӡомызт. Иара акырӡа дсеиҵбын, аха есымша ҳаицын. Ахырӷәӷәарҭақәа ҳаман, аоппозициақәа хьчалатәын, лассы-лассы ҳаиццалон. Ииультәи ажәылараан, абаржа анӡхыҵыз, усҟан дҵас иҳадын Лашькьындар инаркны Кәыдрынӡа амҩаду аанкылара. Амҩаду ахы иақәиҭаҳтәит, иаанаҳкылеит. Убри инақәырццакны, ҳаӷацәа еигәныҩзар акәхап, ҳалахысра иалагеит, ареактивтә снариад ҳәа иҟоу ала, хҩахашьа ыҟамызт, аснариадқәа шкаҳац икаҳауан. Дара ракәзар, ҩндук аҟны блиндажшәа акы ҟаҵаны ирыман, хыҵәахырҭас. Абри аҩны аҟны ԥыҭҩык цахьан, ԥшьҩык аанханы иҟан. Дара аҿагылара ӷәӷәа ҟарҵеит. Ҳара ҳтәқәа жәохәҩык рҟынӡа аҩны иеихсуан, аха рхы рырымҭаӡеит. Лабрантә ерманык дҳацын, ихьӡ сгәалашәом, уажәшьҭа арҭ нҳарҵәеит иҳәан иоура шоураз дҩагылан, ашҭа агәҭан днеиуан, инаигәыдҵан дыршьит. 
Абри аҽны Гена ари ажәылара далахәын. Дызвыршьааз иҩызцәа ишырҳәо ала, дааҟәымҵӡакәа ахысра даҿын, ипатронақәа анынҵәа, ишьамхы нарсны иабџьар еиҵаҵаны дхысырц даныҩагылоз, аӷа иааҭирҟьаз ахызаҵә илахь иақәшәеит… 
«Абџьар уаҟа исыԥшаауеит»
«Генеи сареи ԥшьбаҟа шықәса ракәын иҳабжьаз. Уи шәагаала оумак дауымызт, аха агәаӷь зызҭаз, агәымшәара злаз ҷкәынан», – абас иажәа далагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу, иахьа Лашькьындар ақыҭа ахадас иҟоу Иура (Азамаҭ) Ҵәыџь. Уи иазгәеиҭеит аишьцәа Амирани Генеи Габелиаа зхатә џьабаала инхоз-инҵуаз шракәыз. «Аҩызара-ақәлара аҟны аӷьараҳәа ауаҩы ивагылон, рыламыс цқьан, пату-ҳаҭыр рықәын», – иҳәоит уи. 
–Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы ахырӷәӷәарҭақәа џьаргьы еиҿкааӡамызт, избанзар ҳашьҭахь Цагера ыҟан, ҳаварахь Кәачара ишырҭахыз иалан. Аха Кәачара анҭарцәха ашьҭахь, хәыҷы-хәыҷла ахырӷәӷәарҭақәа еиҿаҳкаауа ҳалагеит. Аԥхьатәи амшқәа рзы, Иура Какалиа –Аԥсны Афырхаҵа, аибашьраан иҭахаз, убри инапхгарала ана-ара аҿагыларақәа мҩаԥаагон. Аха уи ус имариамызт, избанзар иахьҳакәшоз ҳаздыруамызт, иахьҭыԥантәқәаз аҟнытә, ҳқыҭа бзианы ирдыруан. 
Мықә-совхоз еиҿкаан агәыԥ, иахьынӡасгәалашәо «Алан» ахьӡын. Иура Какалиа напхгара аиҭон. Аҿагыларақәа имҩаԥаагоз зны иманшәалан, зны илҵшәадан. Убас хҭыск сгәаласыршәарц сҭахуп. Ноиабр мзазы акәын, ҳаӷа ҳашхьамҵуа иҳарбап ҳәа ӡбаны аҿагылара ҟаҳҵеит. Цагера ҳақәланы «иаҳзышьҭыхуамызт» уи еилкаан, избанзар уаҟа атехника рацәаны игылан, Мхедрионаа ззырҳәоз зегьы уаҟа еизахьан, аӷа даара иҽырӷәӷәаны дыҟан. 
Ҳарҭ 80-ҩык инарзынаԥшуа ҳаҟан. Усҟан агәыԥ «Скарпион» маҷк рҽеизыргахьан. Иура Какалиа ибзоурала иахьынӡазалшоз џьаԥҳаныла ҳаибыҭан. Ҳҽаҳшеит гәыԥ-гәыԥла, амҩахәасҭақәа бзианы иаҳдыруан. Аӡы унырыр, ҳашьҭахь Цагьера ыҟан. Усҟан дара аҭабиақәа жны иҟарымҵаӡацызт. 
Агәыԥқәа мҩаԥызгоз, аҭыԥқәа бзианы издыруаз аԥхьагылаҩцәа аҭахын. Хатәгәаԥхарала ауаҩы далҵыр акәын. Иура дагьсмазҵаакәа уара имҩаԥугоит иҳәеит, аха даҽаӡәгьы даҭахын. Убри аамҭазы Гена иаразнак ашырҳәа дааины даагылт, абџьар имаӡамызт уи аамҭазы, Ф-1 ҳәа ззырҳәо артҟәацгак икын. Уцоит, аха абџьар умаӡам ҳҳәеит. «Абџьар уаҟа исыԥшаауеит» ҳәа нҳаҭеикит. Агәра гангьы дыҟан ишиԥшаауаз ала. 
Жәибжьҩык ауаа ҳарҭан ҳрышьҭит. Аҭыԥ аҟынӡа анеира ус имариамызт, ихаланы иԥшыхәны илбаатәын. Ҳаӷацәа ракәзар, зны-зынла иааины аӡхықә аҟынгьы итәалон, 200-300 метра ракәын дареи ҳареи иҳабжьаз. 
Ҳарҭ ҳадҵа анагӡаразы иманшәаланы ҳҭыԥ аҟынӡа ҳнеит, ҳахьыԥшуа иаҳбоит, убра ҩнык гылан, столк рыман, аууы рыхга еилан. Ҳарҭ ҳаԥшны ҳтәан, адҵа ҳазԥшын, арахь ҳрациагьы аус амуит, агәыԥқәа ҳаимадара маҷк еиԥҟьеит. Гена абраҟа игәы иамукәа, ҳусқәа еиҵахар ҳәа дшәаны ҳхысуеит-ҳхысуеит ҳәа дахыццакуа далагеит, раԥхьа ихысызгьы иара иоуп. ҲАри аҽны имҩаԥаагаз ажәылара стратегиатә ҵакык амамзаргьы, убри нахыс ҳаӷацәа ишырҭахыз ҳқыҭақәа изрыламлеит, ишәо иалагеит. 
Ҳус ҟаҵаны ҳашьҭахьҟа ҳаныхынҳәуаз ҳазлааз амҩа ала акәымкәа, аӡәык-ҩыџьак мҩахҟьан, даҽа мҩак ала идәықәлеит. Гена уи аниба, игәы иамукәа дрышьҭаланы ирхынҳәны, еицыз аӡәгьы акгьы ҳмыхькәа ҳҭыԥ ахь ҳхынҳәит. Уи ашьҭахь Мықә-совхоз ианақәлоз аҽны Гена убраҵәҟьа абџьар игеит. Уи нахыс нкылашьа имамызт. 
Ииуль ҩба рзы дҵас иҳадын Цагереи Тамшьи рыбжьара амҩа аанкылара. Амаамынқәа рпитомник ахьыҟаз аҭыԥ аҟны даараӡа аҭагылазаашьа цәгьан. Еиҳараӡакгьы аԥсҭбарақәа ахьыҟалаз, иахьыуадаҩхаз жәымшы инкыланы иҟаз ахырӷәӷәарҭақәа рҟны ауп. Избанзар, Цагера амҩа анкха, арахьынтәи ажәылара аныҟала, Қырҭтәылантәи иаарышьҭуаз зегьы абраҵәҟьа инкылатәхеит. Абри аҽны атрассаҟны ҳанцәырҵ, ҳара аҭыԥантәи аҷкәынцәа ҳаԥхьагылар акәхеит, избанзар аҭыԥқәа ҳдыруан. Аҭыԥ здыруа уаԥхьа дангылоу ахымҩаԥгашьа даҽакала иҟалоит. Абраҟагьы загьраԥхьа инеиз агәыԥ дрылахәын Гена. 
Апитомник ҭарцәны ҳашьҭахьҟа ҳаныхынҳәуаз, атрассаҿыҵәҟьа ҳаӷацәа аҭыԥқәа ылхны рҽырҭынчны итәан. Убарҭ ҳгәыԥқәа иреихсуа иалагеит. Абраҟа Гена иашьа аиҳабы Амиран (Амрикәа) идыршәыз артҟәацга дахәит. 
Шьыбжьонынӡа ҳусқәа зегьы ҟаҵаны ҳаилгахьан. Гена иоуп зегьы раԥхьаӡагьы игәазҭаз, шьоукы ана- ара ицәырҟьа-цәырасуа ишнеиуаз. Тамшьаа рганахьала «Душеҭиатәи» абаталион тәан, убри абаталион ауп ҳара ҳгәыԥ рҿагылара зықәшәазгьы. Нас излеилкаахаз ала, уи агәыԥ аҟынтәи аӡәык-ҩыџьак рыда уаҩы днымхаӡеит. Ажәакала, Гена ицәырҟьа-цәырасуа иибаз ҳрышьҭалап иҳәеит. Аха усҟан еилкаамызт урҭ ҳара ҳтәқәа ракәзу, мамзаргьы ҳаӷацәа ракәзу. Гена игәы иамукәа сара сцоит иҳәеит, иара ибзоуралоуп убрахь албаара злаҟалаз. Ҳара уахь анеира ҳуалӡамызт, уаҟа даҽа гәыԥк аус руан. 
Ҳҽеибаҳҭеит жәохәҩык раҟара аҷкәынцәа. Аҭыԥ ҭарцәуп, уеизгьы- уеизгьы иҟалари ҳәа агәҽанызаара ҳаманы ҳнеиуан. Уаанӡа аӷацәа жәахаҩык ҳамбаӡакәа имҩахыҵхьан, аҵыхәтәантәи иааиуаз хҩык-ԥшьҩык роуп Гена илаԥш иҵашәаз. Уажәшьҭа ианаҳба дара шракәыз, аиҿахысра ҳалагеит. Азныказ ицаз џьаҳшьеит, аха аҩнаҿы аҭыԥқәа аанкылан иаҳзыԥшны итәан. Аиҿагылара ӷәӷәа ҟалеит. Абри аҽны абраҟа ӷәӷәала дырхәит Малыш ҳәа зарҳәоз Едик Ашба, уи деиқәхоит ҳәа аӡәы игәы ианагомызт. Сашьеи Малыши ԥыҭк инашьҭны ауп реихсра ишалагаз, сашьа иикыз апулемиот еихәҭхашәан, изымхысит. Реваз Гергаиа ихы данҩаха, артҟәацга аԥҽыха ила иаахеит, Генагьы убраҟа дтәан, Омар рыцҳагьы. Апулемиот ахьеихәҭхашәаз азы сашьа иеихсыр ҳәа дшәаны Гена дааҟәымҵӡакәа ахысра даҿын. Ипатронақәа анынҵәа, сара спатронақәагьы нҵәеит, Омар итәгьы, иҳаԥсахуеит ҳәа ҳшаҿыз, Гена даныҩагылоз иԥсырҭаҵәҟьа ахы ақәшәеит, дагьзымхысӡеит, акы иҳәарцгьы иҭаххеит, аха… 
Абри аҭыԥ аҟны ҩыџьа ҳаҷкәынцәа ҳцәыршьит, хҩык ҳцәырхәит. Жәахаҩык заанаҵ ицахьаз ҳкит, рабџьарқәа шьҭарҵеит, рнапқәагьы ирҩахеит.
«Есымша сара усызҭодаз, нан!» 
Лашькьындар ақыҭа иалҵыз Генеи Амирани ибзианы издыруаз, Гена класск аҟны аҵара ицызҵоз иҩыза Мурман Шармаҭ аҭаацәара рҭоурых дагәыламлакәа, ҳазвымсшаз хҭыск еиҭеиҳәеит.
Цхьынҵҟар аибашьраан иахҭнагаз усгьы зегьы ижәдыруа ауп. Шамахамзар, аҩнқәа зегьы блын, аӡәы инхара-инҵыра дахыло ҳәа иҟамызт, аӷа джьышуа ақыҭа далан. Ақыҭа иалҵыз напышьашәалаҵәҟьа аӷа иҿагылан. Иҭахон аҵеицәа. Аха рабшьҭра рнышәынҭрақәа рҿы анышә иамардартә еиԥш аамҭа ыҟамызт. Убас, Гена данҭаха, иқыҭа гәакьаҿ изқәаҭыԥ ҟалартә еиԥш аҭагылазаашьа зыҟамлеит, анышә дамардеит Ҭхьына ақыҭан, ианшьцәа рнышәынҭрақәа рҿы. «Аибашьра ашьҭахь, Гена рыцҳа иԥсыбаҩ иқыҭа гәакьахь ианеиҭаргоз, иан сиҿаԥшыр сҭахуп лҳәеит. Шьоукы иаҭахым, иҵасым рҳәеит, аха лԥа длымбар лымуит. Днаиҿаԥшын, «уара есымша сара усызҭодаз» лҳәеит…»,–ҳәа азгәаиҭеит Мурман Шармаҭ
«Уара амаиорра усҭоит» 
Ҭхьына ақыҭа иалҵыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Рамин (Мика) Џьелиа аишьцәа дырзааҭгыло иазгәеиҭеит урҭ рҩыџьегьы ахаҳә ишаҩызаз. «Аишьцәа аԥсуа гвардиа иалан. Ҽнак, агвардиа иалаз зегьы рҽеизганы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥылон. Владислав Арӡынба аҷкәынцәа аӡәаӡәала аԥсшәа раҳәо дышнеиуаз, Гена днаидгылеит. Иара аурыла зегьы дреиҵан. Ижәҩахыр инапы нықәиҵан, «уара амаиор ичын усҭоит» ҳәа иеиҳәеит. Убри нахыс Маиор ҳәа хьыӡшьарас иарҳәон», – иҳәеит Мика Џьелиа. 
–Амиран (Амрикәа) иакәзар, даараӡа инапы ҟазан. Аибашьра ианалага, абџьар абаҟаз, еиҳараӡакгьы Мрагыларатәи афронт аҟны. Убри аҟнытә, Амрикәа аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны инапала иҟаиҵаз «обрез» ҳәа изышьҭоу икын, ҳаӷацәа абџьар рымихаанӡа. Амиран ианшьцәа акыр дырзааигәан, иуҳәар ауазар, иԥсҭазаара абжа зегьы Ҭхьына ихигеит. Цхьынҵҟараа раҟара Ҭхьынаагьы ҳаидыруан, игәыбылра ҳаман. Иара убри азакәхап аибашьра ианалага, Ҭхьынаа дҳавагыланы дзеибашьуазгьы. 
«Февраль 27 рзы арадутәи ахырхарҭаҿы ажәылара ҟалеит. Абри аҽны хҩык ҭхьынаа рыҷкәынцәа ҭахеит. Дҭахеит агәыԥ «Каскад» акомандир Михаил (Мишка) Кәыркәнаа. Убасҟан ҳааилацәажәан командирс дҟаҳҵеит Амиран Габелиа», –иҳәоит Мика. 
«Тамшьтәи ажәылараан аӡәызаҵәыкгьы иҳаздарӡомызт ажәылара шыҟалоз. Ицатәуп ҳәа адҵа ҳаун ҳцеит аҟароуп. Ҳнеит Цхьынҵҟар, Қарбеи Чаблах дахьынхоз. Араҟа шамахамзар Очамчыра араион ақыҭақәа рҟынтәи ҳаҷкәынцәа, Тҟәарчалынтә уҳәа зегьы ҳаиқәшәеит. Абри аамҭазы абра дыҟаӡамызт Амрикәа иашьеиҵбы Гена. Уи асиа данӡамызт. Аха асиа саным ҳәа дымԥшӡакәа, дааины иҩызцәа днарывагылеит. Иавтомат акәзар, дара напҟазацәамзи, апласмас иамаз амхны, ахьа иалхны, лакла ишәны ашьхәа аҭаны икын», – иҳәоит аибашьҩы. 
Ашамҭаз, асааҭ ԥшьба рзы ажәылара иалагеит. Хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, ари аҽны даараӡа аиҿагылара ӷәӷәа цон. «Иаауаз амашьынақәа аурышьҭӡомызт ҳаҷкәынцәа. МАЗ амашьына ду иааиуаз Барганџьиаа рхәы ианаахалоз иааныркылеит Цхьынҵҟараа, убри аанкылараҟны дыҟан Гарик Габелиа. Амашьына иақәтәаз рнапқәа ирҩаханы иҭыҵит.
Зегьы ҳзышьҭаз абџьар акәын. Убри аҽны автомат ауаара искын, Амрикәагьы абџьар имаӡамызт. Амаамынқәа рпитомник ахьыҟаз азааигәара иааныркылаз амашьына аҟәҟәаҳәа аихсра иаҿын, убри аамҭазы Амрикәа сара сцоит, автомат аазгоит иҳәеит. Умцан, уршьуеит сҳәеит, аха имукәа дцеит. Анаҩс, излеиҭеиҳәаз ала, дахьнеиз ЗИЛ амашьына ашә анааирт, амашьына аԥсҟы зкыз дышьны дҭажьын, иватәаз аграната амацәаз ахыхны икын, иҽԥижәарц. Ари аниба, иаразнак амашьына ашә аиркит, аха иԥжәаз аԥҽыха дахәит. Уеизгьы ишьапы дықәгылартә дыҟан, илымҳақәа ашьа рҭыҵны ишцозгьы, дышхәызгьы, дзышьҭаланы дцаз абџьар нааҟ-ааҟ икны дгәырӷьаҵәа иманы даауан», – иҳәеит Мика Џьелиа. Амрикәа данырхәз аҽны, сааҭкгьы бжьымскәа иашьа Генагьы дҭахеит.
«Аибашьра ауп ахацәа цәырызго»
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Ҭхьына ақыҭа ахада Роман Кәыркәнаа аишьцәа–аибашьцәа дырзааҭгыло иҳәеит урҭ даараӡа ахаҵара злаз шракәыз. «Аибашьра ҟалаанӡа уиаҟара иаҳзымдыруаз ауаа, аибашьра иаанарԥшит. Аибашьра ауп ахацәа цәырызго», – иҳәеит Роман. Уи иазгәеиҭеит аишьцәа злиааз аҭаацәара зхатә џьабаала инхоз-инҵуаз шракәыз. «Амрикәа иакәзар, даныхәыҷыз ашкол Ҭхьына дҭан, аҭаацәара даналанагалагьы Ҭхьына дыҟан, зегьынџьара дҳалахәын. Иара убри азакәхап аибашьраангьы Ҭхьынаа дҳавагыланы дзеибашьуаз. Насгьы аишьцәа гәакьақәа гәыԥк аҟны реицыҟазаара еиҳа ашәарҭара аҵазар ҟалон», –иҳәоит ақыҭа ахада. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Амиран аибашьра ашьҭахь иаамҭамкәан иԥсҭазаара дшалҵыз. Аҭаацәара далалахьан. Ҩыџьа еициз аҷқәынцәа драбын. Аҷкәынцәа руаӡәк иаб иашьа Гена ихьӡ ихьӡуп. 
Аишьцәа ргәалашәара иалахәыз Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу, иахьатәи аамҭазы Ҭхьынатәи авзвод акомандир Алиас Торчуа иазгәеиҭеит ҩыџьа аишьцәа ҭаацәарак аҟынтәи иаадырԥшыз афырхаҵара атәы цәырганы ишҳәалатәу, дара реиԥш егьырҭ зыӡбахә ҳәамгьы. «Иувыршьааз, иувагыланы еибашьуаз итәы аҳәара аҭахуп. Аамҭа цоит, агәалашәарақәагьы маҷк иԥсыҽхоит, зыбла иабаҵәҟьаз имҳәар, џьара кьыԥхьк ианаҳамҵар, аԥхьаҟа урҭ ахҭысқәа еицакхар алшоит»,–иҳәоит Алиас. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, аибашьцәаҵәҟьа, ииашаны аибашьра адәаҿы аџьабаа рацәаны избаз, дара рхала рхазы акгьы шеиҭарымҳәо, уи ахаҵара иатәым ҳәа иршьоит. «Аибашьра аҳамҭатә бӷьыц ахарҭәаара даара иуадаҩуп иахьа, ауаҩы иҟаиҵаз иара имҳәозар, ивагылаз, ивыршьааз иҳәозар ауп. Убри иахҟьаны иахьа иалкаамкәа инханы иҟоу ҳаибашьцәа даара ирацәаҩуп», –иҳәеит аветеран. 
Аишьцәа Генеи Амирани Габелиаа даараӡа аџьабаа рацәаны ирбеит рыԥсадгьыл азы. Гена ихы ақәиҵеит. Иара зынӡаск дқәыԥшӡан, аҭаацәара даланамгалацызт. Амиран иакәзар, иҩызцәа, иқәлацәа ишеиҭарҳәаз еиԥш, аибашьраҿы ӷәӷәалаҵәҟьа акәымзаргь ҩынтә-хынтә ахәрақәа иоухьан. Аха сааҭк иадамхаргьы иҩызцәа аанимыжьцызт. Аишьцәа аҩыџьагьы рыԥсадгьыл ахьчаразы иранашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Аишьцәа Генеи Амирани Габелиаа ргәалашәаразы еиԥылаз рҩызцәа еицҿакны ирҳәоз акакәын: «Урҭ зеибашьуаз аҳамҭақәа рзы акәӡамызт, аха еиҳау аибашьратә ҳамҭа иаԥсоу роуп!».
Шарида Торчуа

 
				
