Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит араион ахада Асҭамыр Аргәын ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысыз аусуратә еиԥылара алҵшәақәа инарықәыршәаны.
Аилатәара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ваздат Миносиан уи иалахәын Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура анапхгаҩы Роман Џьопуа, Аҟәатәи асанитар-епидемиологиатә станциа аҳақьым хада Лаша Зарандиа, Аҳәынҭқарратә стандарт ахархәаратә хылаԥшра аҟәша аиҳабы Гьаргь Ҭарба.
Абри азы аинформациатә маҵзура Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Герман Каҷараа.
«Бадра Зураб-иԥа ишазгәеиҭаз еиԥш, ҳазлацәажәоз азҵаарақәа иреиуоуп атәыла аекономика аҿиара.
Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа 35 шықәса инареиҳаны афинанстә система аџьабаа азызбоз аусзуҩцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранаишьеит, акыршықәсатәи рџьабаазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Афырхаҵара абшьҭрала иаауеит», машәырны ирҳәом. Владимир (Микич) Харабуа ихьӡ ҳҳәаанӡа, иаҳҭахын Аԥсны аибашьра аҭоурых адаҟьақәа ҳрныԥшыларц.
«Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны злахәу аекономикатә проектқәа жәпакы мҩаԥнагоит, урҭ иҭышәынтәалоу ашәахтәқәҵаратә шьаҭа аԥҵареи аусуратә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳареи ирзынархоуп. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, ахшаалыҵ азауад – арҭ зегьы ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны идыргылаз аобиектқәа роуп», – ҳәа иҳәеит Гәынба.
Аиԥылара мҩаԥысуеит Аԥсны Ахада Иусбарҭаҿы. Аиԥылара аартуа Гәынба иҳәеит:
Анаплакы аусура иалагоит 2026 шықәса мшаԥымзазы.
ЗҲәА «Ахшаалыҵ ашҭа» адиректор хада Баҭал Ӡаԥшьба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахшаалыҵ азауад аргылара хацыркын 2024 шықәса нанҳәамзазы иҷыдоу акредиттә программала.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба В. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аҿы дырԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников зхадараҿы дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа.