Адунеи иахыҵәеит Аԥсны жәлар рҵеицәа ршьа цқьала ишеиқәырхаз рыԥсадгьыл, рфырхаҵара аӡбахә, даҽазныкгьы иаадырԥшит урҭ Нарҭаа дуқәа рфырхаҵара мцаха ишрылоу, аԥсадгьыл ахьчараз рхы ишамеигӡо.
Ажәлар рашәа ауп ажәлар рҭоурыхҵәҟьа, изнысыз рыԥсзаҭаара зегьы ккаӡа иаазырԥшуа Ҳаԥсадгьыл аӷа данақәла, раԥхьатәи амшқәа раан ауп ҳпоет ду Баграт Шьынқәба ианиҩыз ажәеинраала – «Сыԥсадгьыл агәынқьбжьы саҳауеит». Иаарццакны ари ажәеинраала амузыка азаԥиҵеит Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Кәасҭа Ченгелиа. Ари ашәа аестрадатә жанр ахь ииаган инаигӡон Заур Зыхәба.
Ҳаԥсадгьыл ахьчараз иаауан хатәгәԥхарала ҳашьцәа Нхыҵ-Кавказынтә. Ҳџьынџьуаа, аиаша иадгылоз еиуеиԥшым амилаҭқәа. Урҭ ҳацеибашьуан бџьарлеи ашәалеи.
Раԥхьаӡатәи ааԥхьаратә жәеинраала Аԥсныҟа иааишьҭит ачечен поет Хаси Зубекаев – «Шәҽеидышәкыл сашьцәа, ишәыхьча аҭынчра» зыхьӡыз. Абри ажәеинраала аԥсуа мелодиахь ииаигеит акомпозитор Кәасҭа Ченгелиа. Иара убас еицырдыруа акомпозитор Тото Аџьапуа – «Иаҳзеԥшу абираҟ» ҳәа хыс иаҭаны, ансамбль «Риҵа» ашәаҳәацәа гәыԥҩык еидкыланы апрограмма иалеиҵеит.
Аурыс поет, Аԥсны зхы ақәызҵаз Алеқсандр Бардодым ихаҭа иеиԥш, иажәеинраалақәагьы уԥхьон аиаша азықәԥарахь. Шьхала Аԥсныҟа данаауаз ииҩыз ажәеинраала – «Над грозным городом раскаты», ачечен бард Имам Алим Султанов ашәа азаԥҵаны инаигӡаз – аидгылара, аҭынчра азықәԥара иасимволхеит.
Алим Султанов зашәаҳәара зыбџьарыз, Гәдоуҭатәи апоет Лев Лиубченко аԥсуаа риашаратә қәԥара иазикыз ажәеинраала – «Абхазы, абхазы, Вас мало» дыхнахит, ианаалоз амелодиа азыԥшааны, агитаратә нагӡарала аруаа рдәаҿы дшәаҳәон.
…Ииуан ҳпоетцәа ражәеинраалақәа ирхылҿиаауаз ашәақәа. Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр, Шеварднаӡе ихьӡниҩылаз – «Абга шкәакәа» алаф ашәа алихит Кәасҭа Ченгелиа.
Зашьцәа ирывагылаз аԥсуа ҭыԥҳацәа-амедеҳәшьцәа ирзикит Даур Занҭариа иажәеинраала – «Аԥҳәызба ар рымаҭәа зшәу». Уи амузыка ацҵан ашәа алихит Кәасҭа Ченгелиа.
Аԥсны жәлар рартист, Леон иорден занашьоу акомпозитор Тото Аџьапуа дызлагылаз Аџьынџьтәылатә еибашьра иахылҿиаауан иашәақәа – «Агәымшәа», «Зыда дҳамам ан», «Ҳгылап ҳаӡәыкны», «Гәымсҭа ахықәан», «Агәымшәара» уҳәа иԥшәма Лиудмила Кәыпраа – Аџьапуеи иареи еицынарыгӡон.
Гагра ақалақь аӷа даналырца, зашьа дҭахахьаз апоетесса Лиолиа Тәан-ԥҳа илыҩуеит ажәеинраала – «Мамзышьха, Мамзышьха, ҳбаагәара ҳдоуҳа…» Уи амелодиа азыԥшааны, «Аиааира» ҳәа ахьыӡҵаны, ашәа алихит акомпозитор Кәасҭа Ченгелиа.
Гәдоуҭа акультура Аҩны аҟны рҽеизыргеит ахаҵара ашәа аԥызҵоз ауаа – амузыкантцәа, уаанӡа еиҿкааз агәыԥ аҭыԥан еиҿыркааит ансамбль. Уи ансамбль еиднакылеит «Риҵа», «Гәында», иара убас еицырдыруа ашәаҳәацәа, акопозиторцәа уҳәа. Ансамбль напхгара азиуан Кәасҭа Ченгелиа, хьӡысгьы иаиҭеит «Аиааира». Урҭ еиуеиԥшым аҭыԥқәа, аибашьра адәаҿы ашәа рзырҳәон ҳаибашьцәа гәымшәақәа.
Иара убас ирацәаҩӡан Ҳџьынџьтәылатә еибашьра иалагылаз амузыкантцәа – Оҭар Хәынцариа, Омар Сангәлиа, Артур Лакрба, Нодар Кәарҷиа, Оҭар Ферызба уҳәа убас ирацәаҩны. Урҭ ргәымшәара, рфырхаҵаратә еибашьра иахылҿиаауан ҳаруаа ргәы шьҭызхуаз ашәақәа. Иаҳҳәап: Оҭар Хәынцариа афырхацәа ирзикыз ашәа – «Аҳаҳаи, ахьырԥарцәа шәеиҵамхан, мышкы ииз мышкы дыԥсуеит!». Артур Лакрба иашәа – «Угылоуп ҳан, ҳаԥсадгьыл». Омар Сангәлиа иашәа – «Сыԥсадгьыл аиааира иазыԥшуп», Белла Барцыц-ԥҳа лажәеинраала иалхны.
Анатоли Алҭеиба игитара бџьарс иман, уи имаҷымкәа Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа ирылхны ашәақәа аԥиҵон, аҭабиақәа рҿы инаигӡон «Ԥхьаҟа Аԥсны», «Абаашқәа». Лев Лиубченко Саида Делба илзикыз ажәеинраала ԥсышәала ашәаны инаигӡон. Иара убас акомпозитор Оҭар Ферзба инаигӡон ихатә ашәақәа. Рушьбеи Смыр иажәеинраала «Уарада» иалихыз ашәа, еиҿикааз ансамбль иахьӡиҵеит. Ари ашәа Мрагыларатәи афронт аибашьцәа рфырхаҵаразы еиҭаҳәаган.
Ара зыӡбахә ҳәоу ирҷыданы, агитара ма ачамгәыр иацҳәо, аибашьцәа рҿаԥхьа иназыгӡоз иреиуоуп, ашәаԥҵаҩцәа, акомпозиторцәа – Аркади Кархалаа, Баика Џьопуа, Хьымца Хынҭәба, Оҭар Ферзба, Кәасҭа Ченгелиа, Анзор Маршьан, Тото Аџьапуа, Зураб Малиа, Нури Кәарҷиа, Нодар Кәарҷиа уҳәа.
«Ԥхьаҟа», «Ахәрашәа», «Аиааира» – арҭ ашәақәа равтор, аибашьҩы Нури Кәарҷиа хҭацәыхак аниоулак, Оҭар Ферзба напхгара зиҭоз ансамбль «Уарада» далагылан, Очамчыра ахырӷәӷәарҭақәа рҟны дшәаҳәон.
Иахьа иззымдыруа уаҩ дыҟам аибашьҩы, акомпозитор Нодар Кәарҷиа иашәақәа «Шәнеибац, ԥхьаҟа шәнеибац», «Ахәрашәа». Уи ажәақәагьы амузыкагьы иара итәуп. Иаҳгәалаҳаршәап цәаҳәақәак:
Ахәрашәа усызсҳәоит сыԥсадгьыл,
Ахәрашәа – ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭып са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу, сыԥсы зыҿҳәароу…
Иагьмаҷыҩӡам ахаҵара ашәа рыбз ишықәкыз, зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара. Аиааира изаԥымлаз агәыԥ «Ҟабарда» анапхгаҩы Гена Карданов ифырхаҵаратә еибашьра иацын иашәақәагьы, аха Аԥсны Ахақәиҭра дзаԥымлеит.
Агәымшәа Ҭемыр Бигәаа аибашьратә мшқәа раан агәышьҭыхга ашәақәа рзиҳәон аҭабиаҿы – «Гәымсҭатәи ақәԥара», «Иаҳгәалаҳаршәап арԥарцәа».
Аибашьраҿы абџьар еиԥш, агитарагьы ицын ансамбль «Бабаду» анапхгаҩы Валери Багаҭелиа. Уи Резо Чачхалиеи иареи еицынарыгӡон иашәа «Ҳара ҳаруаа реиҳабы». Иззымдыруада ақырҭуа мпыҵахалаҩ иԥҳа хәыҷы данишь, илызкны иаԥиҵаз ауазашәа «Рада». Уи ашьоурахьы иԥхьон, агитара ианҵаны инаигӡон. Иаҳгәалаҳаршәап убрантәи цәаҳәақәак:
Сыгәра га, оо, ашьоура ианысҵоит аҭоуба…
Сыгәра га, сԥааимбар хәыҷы Рада…
Аиааира афырхаҵара иахыҵхырҭоуп. Аибашьраҿы ииз ашәақәа ҳаҳауеит лассы-лассы, аха урҭ зҩыз, амузыка аԥызҵаз, инызыгӡаз рыхьӡ амырӡроуп иахьатәи сажәа хықәкыс иамоу. Ас иҟоу ашәақәа еиуеиԥшым аицлабрақәа уҳәа, ахәыҷқәа, изызҳауа аҿар ирнаҭо рацәаӡоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы – урҭ рдырра азнарҳауеит, апатриотизм рыланааӡоит.
Зина Сабекиа


