«Гәында» қәҿиарала ихынҳәит

Мышқәак раԥхьа ҳмилаҭтә ҟазара ӡырыргон «Танцы над Эльбрусом» захьӡыз Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны ансамбль «Гәында». Ахәаԥшцәа хызхыз, акраамҭа ҳмилаҭтә музыкатә рҳәагақәа ирхылҵуа ашьҭыбжь хааи аԥсуа жәлар рашәақәа рымчхареи ргәы иҭнымҵәо ихынҳәит Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо авокалтә инструменттә ансамбль «Гәында».

Ҩымш Нальчик ақалақь аҟны имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль «Танцы над Эльбрусом» еиҿкаауп 2010 шықәса раахыс, аха Аԥснынтәи, хаҭала, аҭыԥҳацәа еидызкыло авокалтә инструменттә ансамбль «Гәында» раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит. «Гәында» ари афестиваль алахәхара Аԥсны акультура аминистрра абзоурала ишеиҿкааз азгәаҭо, Аԥсны жәлар рартист, ансамбль «Гәында» анапхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа ҳаиҿцәажәараан дазааҭгылеит ҳаиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа, ҷыдала, афестиваль аиҿкааҩцәа даара ҳаҭырқәҵарала, гәцаракрала ишрызнеиз.
«12 тәыла инарзынаԥшуа, еиуеиԥшым амилаҭқәа злахәыз жәларбжьаратәи афестиваль «Танцы над Эльбрусом» иалахәыз зегьы номерк-номерк ракәын инарыгӡоз. Аха аԥсуаа ҳзы уи аԥҟара еиларгеит ҳашьцәа, афестиваль аиҿкааҩцәа. Афестиваль аартраан, раԥхьатәи амш азы ҳаиашьаратә жәларқәеи ҳареи еицаҳзеиԥшу, бзиа еицаабо ашәа «Азамаҭ» ала ихацҳаркит. Анаҩс, хәыҷгьы дугьы ҿырҳәала ирдыруа, бзиа ибаны ирҳәо Риҵа иазку ашәа наҳагӡеит.

Ашәақәа рыҩбагьы рынагӡараан – ахы инаркны аҵыхәанӡа ахәаԥшцәа рнапқәа ҳзеинырҟьон, гәахәара дула ишрыдыркылаз ҳарҳәеит ҳақәгылара ашьҭахь», – лҳәеит ансамбль «Гәында» анапхгаҩы, афестиваль иалахәыз рахьтә бжьы цқьала ашәақәа назыгӡози амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа ахархәара рызҭози рымала заҵәык шракәыз азгәаҭо. Уи лажәақәа рыла, егьырҭ иқәгылоз зегьы заа рыбжьы ҭаҩны (афонограмма ҳәа изышьҭоу) ахархәара аман.
– Афестиваль аҩбатәи амш азы, «Танцы над Эльбрусом» ҳәа ахьӡ злаҟаз ала, Исмаил Семионов иажәақәеи имузыкеи ирылху ашәа «Эльбрус» анаҩс, акомпозитор, Аԥсны жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа аус здиулаз наҳагӡеит. Ҳақәгылара хҳаркәшеит аԥшьбатәи ашәа, Т.Аџьба иажәақәа ирылху, Оҭар Хәынцариа имузыкала иаԥҵоу ашәа «Аҷандараҟа» ала, – дҳацәажәон Роза Чамагәуаԥҳа.

Ҳаиҿцәажәараан Роза Чамагәуаԥҳа гәахәарыла иаҳзеиҭалҳәеит даара ҳаҭыр дула ишрыдыркылаз, хаҭала, ансамбль «Гәында» ашәаҳәацәа, ишырԥылаз аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵара бзиеи зыбжьоу аинрал Султан Сосналиев иԥшәмаԥҳәыс Лиубов Сосналиеваи, апоетесса, Нальчик иҭыҵуа агазеҭ «Горянка» аредактор хада Зарина Ҟаныҟәаи.
Ансамбль «Гәында» анапхгаҩы лажәақәа рыла, ари аныҟәара даара аԥхарреи агәыблреи аҵаны имҩаԥысит.

«Аҟазара – ажәларқәа еизааигәанатәуеит, еиҿнарцаауеит, хаҭала, ҳаиашьаратә жәларқәеи ҳареи еиҳа ҳаигәныҩуа, ҳалибакаауа ҳаизааигәатәра алнаршоит», – лҳәеит уи. 14-ҩык рыла еиҿкаау ансамбль «Гәында» арепертуар 40 ашәа рҟынӡа еиднакылоит, азгәалҭеит, фестивальцыԥхьаӡа уи иақәнаго ашәақәа алԥшааны анагӡара иазыхиоу, жәлар рашәақәеи ҳмилаҭтә музыкатә рҳәагақәеи рӡыргара, егьырҭ амилаҭқәа дырбара ҳмилаҭтә ҟазара амаҵ аура аԥхьаҟагьы гәҭакыс ирымоуп ансамбль «Гәында» ашәаҳәацәа.

Алиса Гәажәԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me