Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аҟны рлагала дууп Аҟәатәи аҷкәынцәа. Аибашьра аветеран, Аҟәатәи абаталион актәи арота акомандирс иҟаз, Леон иорден занашьоу Иури Хәаҭланӡиа иахьа ҳажәлар Аиааира аныҳәа рыдныҳәалауа, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧысуаз аҵыхәтәантәи инарҭбааз ажәыларақәа рахьтә хҭысқәак дырзааҭгылеит. Иури Хәаҭланӡиа раҧхьатәи амшқәа инаркны Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа дрылагылан. Очамчыра араион Кындыҕ ақыҭан ииз, иааӡаз акыр шықәса раахыс Аҟәа дынхон, аус иуан, аҳҭны-қалақь аҟны аҭаацәарагьы…

Аамҭақәа реигәныҩра

28 Цәыббра 2023 14:22
1992 ш. август 14 рзы ҩ-нызқьҩык еидызкылоз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Егры аӡиас аҟны – Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәаа иахысны ҳтәыла иақәлеит абџьарлеи техникалеи рҽеиқәыршәаны.
Сынтәа Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит. Уи Аҧсны жәлар зегьы иазгәарҭоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me