Аҧсны апериодикатә кьыҧхь аҟны атрадициа бзиақәа шьақәгылеижьҭеи акыр ҵуеит. Ҷыдала амилаҭтә кьыҧхь аганахьала ажурналистика, апублицистика аҿиара амҩа ианижьҭеи 100-шықәса инареиҳауп.

Ахы шиқәшәахьазгьы…

21 Цәыббра 2023 12:24
Аибашьра цон. Ӡынран. Февраль мза 27 ашарҧазы акәын. Мрагыларатәи афронт, Маркәылатәи ахырхарҭаҿы ҳаибашьцәа ажәылара рҽазыҟарҵон. «Ашарҧазы иҽеилаҳәа-иҽеилаца, бџьарла деиқәных Рудик данаацәырҵ, сылаҧш сызиҟәгомызт, иахьагьы сыбла дыхгылоуп адауаҧшь иаҩызаз, зоура- зыҭбаара ухнахуаз ари арҧыс», – иҳәоит Аҧсны Афырхаҵа Заур (Лакәыт) Зарандиа ҳаниҿцәажәоз.
Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара, уи аԥеиԥш акыр жәашықәса бӷеиҵыхра амоуртә арыцҳара ду иҭазыргылаз ақырҭуа фашисттә идеологиа ашьаарҵәыратә режим мчыдахеит 413 мшы рнаҩс, аԥсуа жәлар наџьнатә аахыс имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәымыз ацәанырра ҳаракы – аԥсадгьыл, аџьынџь азын ахамеигӡара иарҵысуаз адоуҳамч аҿаԥхьа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me