"Аӡыхь" ашәқәа аатит

22 Цәыббра 2022 13:24
Сентиабр 12 азы Очамчыра ақалақь аҟны гәырҕьарала иаартын ахәыҷбаҳча "Аӡыхь", – иаанацҳауеит Аҧсныпресс. Уи аартра иалахәын Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа.

Марыхәтәи акаҵәараҿы

22 Цәыббра 2022 13:22
Ааигәа ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи аҧшааратә еқспедициа "Марыхә. Ашьхаҳаракыратәи афронт – 2022", В.Г. Арӡынба ихьӡ зху ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи Аҧсны Россотрудничество ахаҭарнакреи еиҿыркааз, – адырраҭара ануп Феисбук аҟны амузеи адаҟьаҿы. Август 29 инаркны сентиабр 2 азынӡа аҧшаарақәа ирҿын аӡиасқәа Аӡҕареи, Адангеи, Аладатәи Марыхәи ахьеилалауа аҭыҧ аҟны, иагьырбеит уаанӡа џьаргьы иарбамыз, ҩажәаҩык инареиҳаны асоветтә еибашьцәа анышә иахьамадаз аҧсыжырҭа.

Ақалақь цқьахарц

22 Цәыббра 2022 13:21
Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба адҵа ҟаиҵеит Сентиабр 23 азы "Ицқьоу ақалақь" ҳәа азеиҧшқалақьтә аекологиатә акциа амҩаҧгаразы, – иаанацҳауеит Ахадара асаит. Ақалақь анапхгара атәылауаа зегьы ирыҧхьоит убри рхы аладырхәырц, рықалақь гәакьа ацқьара иазку азеиҧш ус аҟны рлагаламҭа ҟарҵарц.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me