Абаҩхатәра злаз апоет Владимир Алеқсандр-иҧа Ахьиба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз Владимир Ахьиба диит 1938 ш. ианвар 23 рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыҧшь ақыҭан. Жәандәрыҧшьтәи ашкол аҟны 8 шықәса аҵара аниҵа, ажәбатәи акласс хиркәшеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1956 ш. Владимир Ахьиба дҭалоит Кьалашәыртәи (Аҟәа) ақыҭанхамҩатә техникум (ҩышықәса рышьҭахь Аҽгәараҟа (усҟан – Гал араион) ииаргоит).…
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа изаамҭанытәу арратә хьӡқәа рыхҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы, аполковник Киут Роберт Витали-иԥа ихҵоуп «аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәу арратә хьӡы.
«Ари абилеҭ ганкы мацара узгоз акәын» – далагоит Аҧсныҟа иаара иазку ажәабжь аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Альҧер Бганба. Аҧсны иадҳәалоу уи иҭоурых алагеит нанҳәамза 14,1992 ш.рзы. Альҧер Аҧсны аӡбахә бзианы идыруан, аҩны иҭаацәа еснагь ирҿакыз, лассы-лассы зыӡбахә рҳәоз акәын.
Февраль 28 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реилазаареи Аԥсны Жәлар Реизареи рнапхгара алархәны, есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада исаит. Аилацәажәара аартуа, атәыла Ахада иҟаз иреиҳәеит Урыс­тәылатәи Афедерациа ашҟа иусуратә ныҟәареи Ареспублика Беларус ахь инеиреи рылҵшәақәа ртәы. Раԥхьаӡа иргыланы, Аслан Бжьаниа дрылацәажәеит Минск иҟазаара алҵшәақәа, иаҵишьит Беларус еснагь аиҩызаратә политика шымҩаԥнагоз ҳтәыла аганахьала. Ахәҭакахьала, Беларус адымгылаӡеит 1992-1993 шықәсқәа…
Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, Қырҭтәыла ар шьаҭанкыла ҳақәхра гәҭакыс иҟаҵаны ианҳақәла, аҕа иқәцаразы, агәаҕьреи агәымшәареи аарҧшны абџьар шьҭызхыз аҭыҧҳацәа еиҿамсцәа иреиуоуп ҩыџьа аеҳәшьцәа: усҟан 16 шықәса зхыҵуаз Илонеи 17 шықәса ирҭагылаз Медеиеи Кәакәасқьыраа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me