Агәыӷреи агәаӷьреи анеицу

Ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Abkhas Desk» – раԥхьаӡа акәны проектк аҳасабала еиҿкаан 2018 шықәсазы, анаҩс, 2021 шықәсазы ауаажәларратә екологиатә еиҿкаараны ашәҟәы иҭагалан.


Ари аидеиа аиҿкаара аԥшьгаҩс дамоуп Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, 2-шықәса раахыс Аԥсны инеиԥынкыланы инхо, наунагӡа зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз, зегь раԥхьаӡагьы, агәаӷьра злоу, ауадаҩрақәа ирцәымшәо, иашаҵәҟьаны зымчи-зылшареи рыгәра зго, зҭоурыхтә ԥсадгьыл аԥеиԥш аиӷьтәра иазыҳаҵҳаҵо, згәы иҵхо, гәык-ԥсыкалагьы уи ацхыраара згәы азыҳәо аԥҳәызба еиҿамс Бетиуль Маршьан-ԥҳа.
Бетиульи ҳареи ҳаи­ҿцәажәараан иазгәалҭеит, ­Аԥсны ­аӡбахә дхәы­ҷаахыс лыҩнаҭаҿы ­ишла­ҳауаз, ҭоурыхла ишы­лдыруаз, лыԥ­садгьыл хаҭала ишы­­лымбацызгьы, лгәы шазыбылуаз, абара дшазгәышьуаз. Уи лажәақәа рыла, 2009 шықәсазы, раԥхьаӡа акәны Аԥсны дааит, лыԥсы илзалымхуагьы бзиа илбеит. Анаҩс, шамахамзар, аԥсшьарамшқәа анлымаз ес-шықәса Аԥсныҟа даауан ԥсшьара.
«Аԥсныҟа ахынҳәра, анхара акырынтә сгәы иҭаскхьан, аха сҭаацәа, сҩызцәа, сусура уҳәа зегь рныжьра сцәыуадаҩын, агәаӷьра мариамызт зегь мап рыцәкра. Аха, саб Сельчук Маршьан усура Аԥсныҟа данаа, еиҳагьы сгәы сыхо салагеит. Аԥсныҟа ацара шысҭахыз саб ианиасҳәа, «цқьа базхәыц»… – иҳәеит. Саргьы даара сазхәыцит, Аԥсны сааны усда анхара шзалымшоз здыруан аҟнытә, схы ззыскра, сызлагаша аус сазхәыцуан. Ус схаҿы иит «Abkhas Desk» аидеиа, иаԥысҵеит апроект. Ари апроект ахацыркраҿы, аиҿкаараҿы исывагылаз, ацхыраара сызҭаз сҩызцәа маҷҩым. Урҭ дыруаӡәкуп Ҭырқәтәыла аҵара анылҵоз издырхьаз Анжела Патараиа,» – лҳәеит Бетиуль Аԥсныҟа лыхынҳәра шыҟалаз далацәажәо.
Уи ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәалҭеит, аԥсшәа ахьылзымдыруа анхаразы даара ишылԥырхагоу, аурыс бызшәа аҵара ахьымариаз уи ахархәара лзымариахеит. Бетиуль Аԥсны атәылауаҩ ишәҟәы лымоуп, аха араҟа анхаразы изықәныҟәатәу аԥҟарақәа, ишынхатәу, ахымҩаԥгашьа шаҭаху уҳәа лҵаанӡа, илдыраанӡа ишылцәыуадаҩыз атәгьы мӡакәан илҳәеит. Аха, Анцәа имчала, анхаразы агәаҳәара анлоу, зегь хәыҷ-хәыҷы дрышьцылеит, лхы анлырнаалеит илԥылоз аҿыцрақәа зегьы.

Бетиуль занааҭла Ацрыҵқәа аус рыдуларазы специалиступ. Аус луан Есқишьеҳир ақалақь аҟны қәҿиара бзиала. Аха лабдуцәа рџьынџь ахь илымоу абзиабареи агәыбылреи аԥыжәара ргеит, дахьиз-дахьааӡаз лықалақьи, бзиа илбоз лҭаацәеи, лҩызцәеи, лусуреи зегь ныжьны дхынҳәит лыԥсадгьыл гәакьахь. Ауадаҩрақәа ирцәымшәо аԥҳәызба, далашьцылеит, араатәи аԥсҭазаара дагәыланахалеит. Араҟа уи илырҳаит адырцәа, аҩызцәа рацәаҩны. Ԥсабаралеи ҵарадырралеи даара иҟәышу аԥҳәызба аинтерес зҵоу, хәарҭара злоу апроектқәа раԥҵара дазҟазоуп.
Хаҭала, ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Abkhas Desk» зегь раԥхьаӡагьы ҳџьынџьуааи аҭыԥантәи ауааи реибабара, реизааигәара, рдыррақәеи рԥышәеи реимадара хықәкыс ишамоу азгәаҭо, Бетиуль иҳалҳәеит, ари аиҿкаарахь ишымҩахыҵуа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, Шьамтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи ҳџьынџьуаа. Уи иахьа ишеиднакыло 50-ҩык инарзынаԥшуа.

– «Abkhas Desk» – ҩ-хырхарҭак рыла ишоит: акультуреи аекологиеи. Араҟа ҳара еиҿаҳкаауеит акультура, аҟазара иадҳәалоу еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Мчыбжьык ахь знык хәыда-ԥсада ажәытә аԥсуа кәашара изҭаху дырҵара еиҿкаауп, иара убас аҭырқәшәеи англыз бызшәеи ркурсқәа мҩаԥаагоит. Лассы-лассы асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа адаагалоит, ҳапроектқәа ирылаҳархәуеит. Алыҵшәа бзиеи аинтереси зҵоу проектын, апластикатә хҩақәа рыла еиҿкааз асахьаҭыхҩцәа қәыԥшцәа: Аԥшьа Ҳагбеи Диана Хынҭәбеи русумҭақәа. Иазгәасҭарц сҭахуп, анаҩс зыҭира ҳалшаз аусумҭақәа ирыҭныҵыз аҟәрышь Агәыҳалалратә фонд «Ашана» ацхыраараз ишаҳҭаз. Ҳапроектқәа ируакуп аԥсуа кинофильмқәа дырбара, хаҭала, аԥсуа фильмқәа роуп зырбара еиҿаҳкаауа, абызшәа азхьарԥшреи ахшыҩрҵареи хықәкыс ишьҭыхны.
Аекологиа ахырхарҭа атәы ҳҳәозар, ари апроблема даара хырҩаа зҭатәу, изы­зхьаԥштәу акоуп. Ҳара ацқьареи хәарҭара злоуи еидаҳҳәалоит, еидаабалоит. Ҷыдала, иҩу ма ишәу, ахархәара зырҭахьоу ақьаад – ҿыц аус адулара еиҿаҳкаауеит, уи ҿыц аԥсҭазаара аҭара ҳалҳаршоит. Хазы, апластикатә ԥаҭлыкақәеи ахҩақәеи ракәзар, ацқьареи ахархәареи рыҭара инаҷыданы иҳаӡбеит хылаԥшра змам аԥстәқәагьы гәыгәҭаҳмыжьырц. Уи инамаданы, «Аҳабла Ҿыци» «Алашарбагеи» араионқәа рҿы иҳазгылоуп амра ала аус зуа аппаратқәа ҩба.

Уахь апластикатә хҩа анҭауршәлак, аппарат аԥстәқәа рзы афатә аанашьҭуеит, иара убас аԥсышәала «иҭабуп шәыцхырааразы», ҳәа аҭак унаҭоит – дҳацәажәон Бетиуль «Abkhas Desk» имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа дырзааҭгыло.
Аиашазы ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Abkhas Desk» ацқьара аиқәырхара даара азҿлымҳареи ацклаԥшреи арҭоит, уи аиқәырхарагьы рҽазыршәоит.
Акультуратә хырхарҭаҿгьы рлагала маҷым, аҿар реидкылара, реибабара, реизааигәара аус иацхраауеит. Иааизакны, «Abkhas Desk» ауаажәларратә ԥсҭазаара иалахәуп, иазҿлымҳауп. Иаԥырҵо апроектқәа ауаа ирзааигәоуп, ргәы иақәшәоит, аинтерес рзаҵоуп урҭ ирыгу-ирыбзоу еилкааны, иҭҵааны иахьазнеиуа аҟнытә.
2018 шықәсазы ҿҳәарала шықәсык аус зуаз апроект «Abkhas Desk» аусура ацҵара, уи еиҿкаараны ашьақәгылара машәыршақә иҟамлеит. Уи еиднакылаз, иаднаԥхьалаз, азҿлымҳара азҭаз ауаа ргәаҳәарала ҩаԥхьа еиҿкаахеит 2021 шықәсазы, амала проектны акәымкәан, шьҭа ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Abkhas Desk» акәны еиҿкаахеит. Аемблема аҟныгьы ишьақәырӷәӷәоу аԥшшәқәа Аԥсны иадҳәалоуп, ажәҩанԥшшәы – ажәҩани, амшыни, аиаҵәа – ашьхақәа рныԥшуеит. «Abkhas Desk» – уи аинформациа аиура, хаҭала, Аԥсны иадҳәалоу аинформациа аиура ауп иаҳәо.
Имҳәакәан высшьа амам, Бетиуль, Ацрыҵқәа аус рыдуларазы аспециалист изанааҭ ахьлымоу инаҷыданы, аҟазара аганахьалагьы дышхәыдам. Иалырҳәоит амилаҭтә амузыкатә рҳәагақәа амырзакани адаули, дкәашоит аԥсуа кәашара.
Аԥҳәызба насыԥ змоу уаҩны лхы лыԥхьаӡоит, лыԥсадгьыл аҟны анхара ахьылқәашьхази, бзиа илбо лзанааҭ ала аус луртә аҭагылазаашьа ахьлымоуи рзы. Бетиуль дазыԥшӡам аԥсҭазааратә ҳамҭа, амариа, амала… Уи лымч-лылша деигӡом, лыԥсадгьыли аизҳареи, ашәҭыкакаҷреи, аԥшӡареи реиқәырхаразы, иара убас лыуаажәлар рыԥсҭазаара лахҿыхны, аинтерес аҵаны аҟаларазы еиуеиԥшым апроектқәа рыӡбареи раԥҵареи рзы.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, илҳәеит аԥхьаҟа агәҭакқәа рацәаны ишлымоу.
Илзеиӷьаҳшьап, нас, имариам, аха ихәарҭоу лҩызцәеи лареи рнапы злаку аус аҿы ақәҿиареи аманшәалареи!

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me