«Агазеҭ «Аҧсны» аҟны акьыҧхьҩы даҭахуп ҳәа алаҳәара саҧхьеит автобус аҟны. Сара усҟан акьыҧхьразы Тҟәарчал ақалақь аҟны акурсқәа сырхысхьан». Абас ҳаиҿцәажәара хацлыркит агазеҭ «Аҧсны» аҟны абар уажәшьҭа 50 шықәса инар­зынаҧшуа кьыҧхьҩыс аус зуа Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аҧша» ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Ҭина Никәала-иҧҳа Аҳаш-ҧҳа.
Аҧсабара инаҭаз абаҩхатәра, ихы-иҧсы еиҳа бзиа иибоз иҧсадгьыл Аҧсны иалаҵәеит. Ипоезиатә дацқәа рҧашә ҳадгьыл аҟны аҽеиҵнахит. Ашьха ду акьацәра ихәнеит. Ҳажәлар амилаҭ-политикатә еибарххарақәа рҿы азҵаара дуқәа ахьцәырыргоз, 17 шықәса анихыҵуаз инаркны иалагылаз, иагәыцә хаданы иҟаз, апатриот, Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 1950 ш. ажьырныҳәа 13 рзы Аацы ақыҭан диит. Иахьа дыҟазҭгьы иаҧсуара, иуаҩра, ихаҭара дуӡӡан. Ус иҳәалон: – Дарбан уаҩызаалак…
Ирҳәоит доусы даниуа – еҵәак-еҵәак рыциуеит ҳәа. Уи анкыдшәо, ианҿыцәаауа аӡәгьы издырӡом, аҧсабара ус ишоуп. Адунеи ааршазар аахыс, ажәҩан еҵәақәа, ҽынла иаҳамбо, рыгәҭа ижжаӡа икыдуп аҧсшәа аеҵәахә. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, дгьылаҵыхәан иҟоу, «алахьынҵа» зшо уи кыдшәараны иҟоуп, амилаҭ рмаҷра, дара уи ишазыҟоу, рхы иахьынӡадырхәо «ҭҵааны». Уазымхәыцыр ауам! Аҧсшәа аеҵәахә жәҩан икыдын, аха аҧсуа жәа адгьыл аҿы гараҟәҟәала иҿаҳәаны игаран, иаҭахын ахәыҷы…
Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа усуратә визитла Беларус даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа имшира аҽны – февраль 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны инышә дахьамадоу игылоу ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me