Ашәҭшьҭаҵара иалахәын 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аиҳабыра алахәцәа, араионқәеи ақыҭақәеи рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь раагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа аӷа ирхәҭақәа амацәаз рҭакреи рзуреи рзы, Тамшь ақыҭан 300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра-мшынтә десант ӡхыҵит. Ԥсҭбарада, аӷа иҽмырбаӡакәа аӡхыҵра аналдырша ашьҭахь, арра-мшынтә десант аибашьцәа урҭ ирзыԥшыз Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирыцлеит. Тамшьтәи аоперациа аиааира агаразы реиҳа аҵакы змаз иреиуан, уи – зегь ззыԥшыз амш арааигәара алнаршеит. Ԥхынгәымзатәи урҭ амшқәа раан Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 57-ҩык зхи-зыԥси ирмеигӡаз аибашьцәа гәымшәақәа, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 153-ҩык Аԥсны аԥацәа.