Ахьтәы медал иаԥсахаз

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥсуа адраматә театр азал ду аҿы еиҿкаан 2024 шықәсазы ибзиаӡаны зҵара хзыркәшаз аушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә. Уи еиҿнакааит Аԥсны аҳәынҭқарра аҵара Аминистрра.


Аусмҩаԥгатә хацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн арҳәарала. Азалаҿ итәаз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Афырхацәа.
Аушьҭымҭацәеи аҭаацәеи дрыдныҳәалеит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа.
Ажәа ирҭеит Аԥсны Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа. «Ҳаҭыр зқәу аушьҭымҭацәа, шәара шәҿырԥшыгоуп шәышьҭахьҟа иааиуа зегьы рзы, аихьӡарақәа рыцзааит раԥхьатәи шәшьаҿақәа, шәара шәбаҩхатәра ҳаԥсадгьыл аизҳара шьаҭас иамазароуп, шәара шәыла ҳгәы дууп зегьы, агәра згоит ақәҿиара дуқәа шаашәырԥшуа ашкол анҭыҵгьы», – иҳәеит атәыла Ахада. Уи анаҩсан иҭабуп ҳәа реиҳәеит жәеиза шықәса аџьабаа ду рыдызбалаз рырҵаҩцәеи аҭаацәеи.
2023-2024 -тәи аҵарашықәс азын жәаҩаҩык аҵаҩцәа ахьи араӡыни ала рҵара хдыркәшеит. Убарҭ иреиуоуп: Аида Бараҭелиа, Наала Чыкәбар, Арсоу Бармышьаа, – ахьтәы медал, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи абжьаратәи ашкол. Адилиа Лазба – ахьтәы медал, Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол, Нестор Кәыҵниа – ахьтәы медал, Комаров ихьӡ зху Аҟәатәи 6-тәи абжьаратә школ, Емилиа Абоиан – ахьтәы медал, Наӡаӡе лыхьӡ зху Аҟәатәи 15-тәи абжьаратә школ, Алеқсандр Кәаӡба – ахьтәы медал, Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи 2-тәи абжьаратә школ, Лилиа Дудукчиан – араӡны медал, Инал-иԥа ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратә школ, Аинар Шьакаиа – араӡны медал, Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи 14-тәи абжьаратә школ. Витали Вавилов – араӡны медал, Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи 14-тәи абжьаратә школ, Еснаҭ Габуниа – ахьтәы медал, Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи 5-тәи абжьаратә школ, Лана Қриа – араӡны медал Тҟәарчалтәи 2-тәи абжьаратә школ. Иара убас аушьҭымҭацәа атәыла Ахада иҟнытә аԥаратә ҳамҭақәагьы ранашьан.
Абри амш аҽны амедалқәа рыҭан иара убас 1993 шықәса раахыс ибзиаӡаны зҵара хзыркәшаз аушьҭымҭацәа. Ишырҳәо еиԥш, «Аҳамҭа афырхаҵа даԥшаауеит». Хышықәса раԥхьа Аԥсны аҵара аминистрраҿы ирыӡбеит урҭ зегьы хәҭа-хәҭала ишаны ирырҭаразы. Абар даргьы: Амҷба Гәында – ахьтәы медал, Ӷәадатәи абжьаратә школ, Ельмира Анқәаб – ахьтәы медал, Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратә школ, Лаура Аҩӡба – ахьтәы медал, Гәдоуҭатәи 4-тәи ашкол, Алиас Аиба – араӡны медал, Пицундатәи актәи ашкол, Давид Гәымба – ахьтәы медал, Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи 5-тәи абжьаратә школ, Викториа Григолаиа – араӡны медал, Тҟәарчалтәи 1-тәи абжьаратә школ. Есма Џьениа – ахьтәы медал, Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратәи ашкол. Асида Џьарсалиа – араӡны медал, Илона Қанџьариа, – араӡны медал, Пицундатәи абжьаратә школ. Асҭанда Ҳашыг – ахьтәы медал, Гәдоуҭатәи 2-тәи ашкол. Кама Шәлымба – араӡны медал, Ԥицундатәи 1-тәи абжьаратә школ, Гәында Шамба – ахьтәы медал, Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратә школ. Русҭам Рушьба – араӡны медал, Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратәи ашкол, Есма Ҷанба – араӡны медал, Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратә школ.
Аҳамҭақәа ршара иазкыз аусмҩаԥгатә хыркәшан аестрадатә шәаҳәаҩцәа рконцерт ала.

Наира Сабекиа  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me