Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика ашҟа иусуратә ныҟәара инақәыршәаны, сентиабр 9 азы Аслан Бжьаниа дырҧылеит ауаажәларра, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала аибашьцәа-аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа. "Сгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан шәара шәышҟа аара, аха апандемиа иахҟьаны апланқәа зегьы рыҧсахра сықәшәеит. Иахьа абра сыҟоуп, исныруеит дарбанзаалак игәеисыбжь, сазхиоуп шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара", – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.