Ашьхааӡара атрадициақәа аԥсуаа рҿы

Беслан Қәҭелиа ашьхыцқәа рахь имоу абзиабара ихәыҷра аахыс ицуп. Иара уажәгьы ибзианы игәалашәоит иани иаби ацха шырыԥшуаз, иахьа иара уи аус иациҵоит.

Ашьхыцқәа ракәзар, ииааӡо ихәыҷқәа реиԥш дрыхӡыӡаауа дрыхцәажәоит.
«Ҳанхәыҷқәазгьы ашьха ҳаман Отаԥ. Усҟан аиаҳәақәа ракәын иҳазгылаз. Аҵла ақды хҵәаны, агәҭа ҭыцәааны, иргәаҩаны ашьха ҭаркуан. Аҿаҟәарақәа аҭан иҟарҵон ашьха иахьҭалаша, иахьҭыҵша. Уажәы ацха аилыхра мариоуп, усҟан уаха шаанӡа напыла идырҩон. Иаашаанӡа сани саби убри иаҿын. Ҽынла уалагар, аҩны ашьха ҩналон», - еиҭеиҳәоит Беслан. Аибашьра ашьҭахь Беслан ихатәы шьхымза арҿиара далагеит. Уажәы шәкы инарзынаԥшуа шьхымзаҭра имоуп.
«Ашьхыцқәа рус аиҿкаашьа, рџьабаа абашьа, ракзаара уамашәа иҟоуп. Аҵарауаагьы цқьа еилкааны ирымаӡам урҭ рҟазшьа, рхымҩаԥгашьа, ацха шыҟарҵо атәы даара иџьашьахәуп», - иҳәоит Беслан иблақәа ашьхыцқәа рахь имоу абзиабара рхубаало.
Иара ишьхымзагәара ду Отаԥҟа игахьеит, хазы, Дранда дахьынхо изгылоуп иаҳа имаҷу, уажәы урҭ раамҭа ааины иҟоуп. Беслан ҳнеира дазыԥшын аҟынтә, иус далымгацызт, ҳара иаҳҭахын ацха аԥшра аус ахы инаркны аҵыхәанӡа иаҳбарц, ус иагьыҟалеит.
Раԥхьа инаргыланы ашьхааӡаҩ ашьхыцқәа рахь дцаанӡа аӷа еиҵеиҵоит аԥшхәынҵәи ашьхымзацәеи рыла. Аԥсыԥ шаалеига-ҩеигалак, алҩа дәықәлоит. «Ари ашьхыцқәа арҭынчуеит, ирԥырхагаӡам», - иҳәоит Беслан. Анаҩс иаҭаху маҭәалеи маругалеи иҽааибыҭаны ацха аизгара дцоит.
«Ашьхымзаҭра аҿхышәҭахь бымгылан, ашьха гәамҵуеит», - сгәысҽаниҵоит иаразнак Беслан. Иара убри аан ашьхыцқәа алҩа рыларчны, рыҭра ҭынч иааиртуеит. Ашьхымзаҭрақәа макьана иҭәым арамкақәа рыла, избанзар ари сынтәазы раԥхьатәи ҽаҩроуп. Ашьхыцқәа аӡыншьҭахь иааԥшны русура хацдыркит, аҿиара рҽазыркит. Беслан акәҭаӷь зҭои ацха зҭои арамкақәа еилиргоит. Акакала ишьҭыхны дахәаԥшуеит. Ашьхыцҿақәа зҭоу аҭыԥахь иҭаиргылоит, ацха зҭаны иҟоу, ишәыра иҭеиҵоит.

«Аҳауа рзыманшәалахар, ҭагаланынӡа ашьхымзаҭра зегьы дырҭәуеит. Рамкак ҩымш-хымш рыла еиҵырхуеит. Акы андырҭәлак даҽакы аваургылоит, мамзар, ашьхыцқәа ашьхымзаҭра акәша-мыкәша асаранџь кыдҵара иалагоит. Аԥхьа ацха ахьҭарҭәо ҟарҵоит, уи иаанаго ацәа еиҵырхуеит, нас ацха аазго ашьхыцқәа уи дырҭәуеит. Шьоукы абнахь ицаны ацха ааргоит, шьоукы аҭыԥан асаранџь ҟарҵоит. Шьхымзаҭрак аҿы иҭоуп ан, уи акоуп иҟоу, ҩба аныҟалалак, ашьха еиҿыҵуеит. Џьарак жәаба инаркны жәохә нызықь рҟынӡа ашьхыцқәа ҭоуп. Ашьхыцқәа ианаамҭоу ацха рымумхыр русура дырмаҷуеит, иаашьо иалагоит», - еиҭеиҳәоит Беслан.
«Ашьхақәа аԥхӡы афҩы рцәымӷуп, иара убас еиуеиԥшым афҩы хаа змоу аӡқәа уқәҭәазар рҭахӡам, ашкәакәа ушәызар бзиа ирбоит, мап анакәха, ацҳара иалагоит», - иациҵоит иажәа.
Беслан арамкақәа блаҵарыла дрыхәаԥшуеит инарҳәаарҳәны. Иара ашьхыцқәа ргәабзиара шыҟоу еиликаароуп, ран иԥшаароуп, аиҿыҵра ргәы иҭоу-иҭаму еилиргароуп.
 «Ашьхымзаҭраҿы ран ҟамлар, ашьха хыԥсаауеит, 40 мшы роуп иахьыҟазаауа. Ан анрымоу ашьхыцқәа зегьы еиҿкааны аус руеит. Ан ыӡыр, даҽа шьхымзак, иахьеиҿыҵуа аҟынтә ирылаҳартәар ауеит», - иҳәеит Беслан.
Шықәсқәак раԥхьа анхаҩы ишьхыцқәа зегьы ԥсит, еилкааны иҟамыз ачымазара иахҟьаны. Уи даара цәыӡ духеит иара изы, аха игәы камыжькәа ҿыц урҭ рааӡара далагеит. Беслан шьҭа идыруеит уи ачымазара апаҿа ишахҟьо. Ашьхыц хәыҷқәа ахьҭатәо апаҿа ҭалар, урҭ зыҿиаӡом, иҭыԥсаауеит. Беслан идагьы аӡәырҩы ашьхааӡаҩцәа рышьхымзагәарақәа ԥсит ахәшә рыԥшаанӡа.
Ааԥыни, аԥхыни, ҭагалани ашьхақәа ирфо аԥсабара аҟынтә иааргозар, аӡын - ашьхыцқәа дара иҟарҵо ацхоуп фатәыс ирымоу. Ашьхааӡаҩ аӡынтәи рхәы ҳәа хәба-фба рамка рзаанижьуеит. Аӡын зынӡа ахьҭақәа аныҟоу ашьхыцқәа ыцәоуп, аха аԥхарра шааҟалалак, ашьха ҿыц ахыҵра иалагоит, усҟан афатә рҭахуп.

Ашьхааӡаҩцәа шықәсык ахь хы­нтә аҽаҩра ҭаргалоит. Рашәарамзазы, нас нанҳәамзазы, жьҭаарамзазы. Беслан ашьхыцқәа абнахь ианицәцогьы ыҟоуп, «абна ахәы иара иагоит», иҳәоит уи.
Сынтәа алакациа анышәҭуаз аамҭазы иҟалаз ахьҭақәа анырра рнаҭеит ашьхыцқәа, лаҵарамзазы агылара иаҟәыҵит, аиҿыҵрагьы. Убри аҟынтә уажәы аҽаҩра усҟак дақәгәыӷӡом, аха ахьа аныҟало азы иусқәа маншәалахап ҳәа дгәыӷуеит. «Ахарџьқәа иҟаҳҵаз аҳаркыртә ҳаҟоуп ааԥынтәи аҽаҩра ала», иҳәеит Беслан гәыӷрала.
Ашьхааӡаҩцәа еиқәшәазароуп ашьхымзаҭрақәеи, арамкақәеи, ацәеи, ахәшәқәеи рыла.
Абжьааԥны арамкақәа Аԥсны анҭыҵынтәи иаархәозҭгьы, уажәы Гәыԥ иҟарҵоит.
Ашьхааӡара атрадициа аԥсуаа ашәышықәсқәа иргәылган иааргоит. Уи еснагь азҿлымҳара ду аман. Аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог Иури Аргәын ишәҟәы «Аԥсуаа ретнологиа» аҿы иҳәоуп: аԥсуа шьха, уи Кавказтәи ашьха ҳәа иашьҭоуп, адунеи аҿы иреиӷьу ашьхыцқәа ирхыԥхьаӡалоуп ҳәа. Ганкахьала, аԥсуа шьха ахара иԥыруеит, даҽаганкахьала, уи ац – ашәҭ иҭаланы ацха злаҭнаго, егьырҭ ашьхыцқәа рыцқәа раасҭа иауп. Убри аҟынтә аԥсуа шьхыцқәа иаарго ацха ахаҭабзиара ҳаракуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсуаҵасла абнаҿ аҵла гәаҩара ашьха шҭоу раԥхьа игәазҭаз, аҵла ашьапы цәиҟьон, ма ашьха ахьҭаз аҵлаҿ аҵәаҳә кнеиҳауан, уи нахыс ашьха ахьҭоу избоз, далакьысуамызт. Ашьха ҭаацәара, ашьхагәара иааҭыганы ашьхымӡа иаарылганы ирҭиуамызт, уи рҭиир абарақьаҭрагьы аццоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Ауа -ҭынха ак рырҭозаргьы, иангылалак заанаҵ хазы иҭаркуан. Аԥсуаа жәатә-натә аахысгьы дрымоуп ашьхымза иахылаԥшуа анцәахәы – Анана-Гәында.
Ажәытәан ашьхаҭрақәа ақды иалхны иҟарҵон, уажәы арамкатә система рхы иадырхәоит. Ақды еиҩыхны, иҭырффааны, ашьхымзақәа ахьҭало аҿаҟәара аҭаны, аҵла ацәала ихырҩон, ақәеи амреи аҟынтә ихьчахарцаз. Беслан изгылоуп ажәытә шьхымзаҭрақәагьы. Урҭ рҿы асаранџь мацароуп ирҭоу.
Ашьхымзаҭрақәагьы ишахәҭоу иргылатәуп, метрак-метрак рыбжьаҵаны, мамзар ашьхыцқәа аҭаларҭа иақәымшәар ҟалоит.
Ашьхымзаҭрақәа зегьы ҳаарылсны цхала иҭәу арамкақәа анеизаҳга ашьҭахь дара ҳаман аҩныҟа ҳҿынаҳхеит. Зны Беслан ҳәызбала арамкақәа хырффаны, асаранџь ахқәа ааиртуан, уи ашьҭахь дара амаруга ҷыда иҭаиргылон, ирҵәиуа ацха ахьҭигоз. Убас мацара арамкақәа ирҭоу ацха зегьы ааҭыкәкәон. Ацха зҭигаз арамкақәа шьҭахьҟа ашьхымзаҭрахь иганы иҭаиргылоит, ашьхыцқәа аҳәызба ибжьнахыз ацәа дыриашоит, идрыцқьоит, нас ҿыц ацха аҭаҭәара иалагоит. Иааҳгаз арамкақәа рыбжьара иҟоуп бжакы ацха зҭоу, бжакы еиҭа ихымҵыц ашьхыцқәа зҭоу. Беслан иажәақәа рыла, ус еиԥш иҟоугьы ацха рҭугар алшоит, ихадоу ашьхыц ҿақәа ахьҭоу урыламкьысроуп. Ацха ҩымш-хымш игылазароуп ианеизыргалак ашьҭахь, аҽарыцқьоит. Хыхь ихыло агәам анаахырхлак, икәеи-кәеиуа иааҟалоит.
Ихадоу ацха еизгара аныҟоу нанҳәамзазоуп. Уажәы ашьхыцқәа ҵоит аҟынтә, ацха рымырхӡом. Зегь анрымух, аҿиара апроцесс аангылоит. Убри ҳацәшәаны уи аҟара ирылакьысӡом. Шьхымзак аҿы жәаба-жәохә литра ацха амҵроуп, зегь маншәалахар. Рҽаҩра зегьы ашықәсан ирҭиуеит, иаанхаӡом. Аахәаҩцәа рҟынтә иҟоуп ажәытәан еиԥш ацха асаранџь аҵаҵаны изҭаху. Беслан зегьы ргәазыҳәарақәа наигӡоит. Ацха апластик иалху аԥаҭлыка иҭаҵаны иҵәахуеит, хәыҷык ахьшәашәара ахьыҟоу аҭыԥ аҿы. Ацха ахаҭабзиара шгәарҭо атәы еиҭаҳәауа Беслан иаҳирбеит, иара еиҵыхәхәо иҟазар, иԥымҵәозар, ибзиоуп ҳәа шаанаго.
Аӡәырҩы ацха аар­хәоит ахәшәқәа рыҟаҵаразы. Жәытә-натә аахыс ацхеи ацәеи жәлар рме­дицинаҿы ихәарҭан. Иара уи адагьы ацха ахаҭа хәшәуп ҳәа ирыԥхьаӡон, есыҽнытәи рыфара иахәҭакын. Аԥхын ацхаӡҩа зымжәуаз иҟадаз, ахарҵәы хьшәашәаӡа иалаҭәан.

Альбина Жьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me