20 - тәи ашәышықәсазы Аҧсны аҿыханҵатә ҟазара даара аҿиара бзиа аманы ишьақәгылон. Ашәышықәса алагамҭазы аҿыханҵатә ҟазара аҿы шьахәла рлагала аадырҧшуеит, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны Аҧсныҟа иаауаз, аус зуаз, ара инхоз аурыс сахьаҭыхҩцәа. Урҭ русумҭақәа рҿы ганрацәала иаадырҧшуан еиҳарак 1920 - 1930 ашықәсқәа ирыҵаркуа аҧсуа бзазара, аҧсуа милаҭ рыхныҟәгашьа аазырҧшуа аусумҭақәа.