Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Урыстәыла Амшныҳәа иазкыз агәырӷьаратә дкылара.

Уахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аиҳабыра, Аԥсны Аконституциатә, Иреи­ҳаӡоу, Арбитражтә усӡбарҭақәа рлахәылацәа, Аԥсны Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба, еиуеиԥшым адинхаҵаратә конфессиақәа, ауаажәларратә, аполитикатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҟаз зегьы дрыдныҳәалеит.

«Урыстәыла Амш – ари иаҳзеиԥшу ныҳәоуп. Шәарҭ аӡәырҩы Аԥсны аиԥш, ишәызгәакьоу тәылоуп Урыстәыла.

2008 ш. август 26 азы асуверенитети ахьыԥшымреи разхаҵара ҳара ҳҳәынҭқаррақәеи ҳаиашьаратә жәларқәеи русеицура ахацыркра иаамҭаны иҟалеит.

Иахьа Урыстәыла уаҩ дақәгәыӷыртә иахьчоит Аԥсны ашәарҭадара, иацхраауеит асоциал-економикатә, акультура-гуманитартә усхкқәа рганахьала, иарӷәӷәоит жәларбжьаратәи апозициақәа. Иаԥҵоуп аиқәышаҳаҭразинтә шьаҭа ӷәӷәа», – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Ацҳаражәҳәаҩ иргәалаиршәеит иҳаҩсыз ашықәс февраль азы Аԥсны ишазханаҵаз Лугансктәи Донецктәи жәлартә республикақәа, Запорожиатәи Херсонтәи аобластқәа Урыстәыла аилазаара ралаларагьы.

«Аԥснынтәи хатәгәԥхарала аибашьцәа, 2014 шықәса инаркны, Урыстәылаа рыжәҩахыр нарыдҵаны хьӡла-ԥшала еибашьуеит аукраин нацистцәа ирҿагыланы, иахьагьы активла иалахуп арратә операциа ҷыда», – иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ, нас аныҳәаҿа рыдигалеит Урыстәылеи Аԥсни реиҩызареи реидгылареи ҳаԥхьаҟагьы рыҿиаразы.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Михаил Шургалини Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа зегьи ирыдиныҳәалеит Амш.

«Урыстәыла Амш – ари Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра дуӡӡа атәылауаа зегьы раӡәыкреи реилаҵәареи ирныҳәоуп. Акультура ҳаракы, атрадициақәа реиԥшымзаара, шәышы­қәсалатәи аҭоурых милаҭрацәала еилоу ажәлар азинҵәҟьа рнаҭоит Рыԥсадгьыл агәадуразы», – иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи жәытәаахыс лымкаала аизыҟазаашьа бзиақәа шрыбжьоу.

«Аԥсны жәлар знылаз амҩа лабҿаба иунарбоит Аԥсны атәылауаа реиҳараҩӡак иара убас Урыстәыла ишатәылауаау. Аԥсны ажәлар, аҳәынҭқарра анапхгара, сара хаҭала ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәусуразы, аиҩызареи агәылеимабзиареи рырӷәӷәараҿы шәлагаламҭазы», – иаҵишьит Ахада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me