Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизараҿы

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан 22 зҵаара.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы ирыдыркылаз азакәан инақәыршәаны август 1 инаркны амч аиуеит азакәан амшын аҟны ауаҩы иҽызлаикәабо маҭәала ауаажәларратә ҭыҧқәа рышҟа ацәырҵра азин изымҭо. Апаркқәа, ауаажәларратә транспорт, амҩақәа, егьырҭ ауаажәларратә ҭыҧқәа рҟны аҽыкәабагатә маҭәақәа зышәҵаны ицәырҵыз 6 нызқь мааҭ ахараҧса дыршәахоит. Ари азакәанапроект адепутатцәа ирыдызгалаз адепутат Дауҭ Хәытаба излазгәеиҭаз ала, имаҷымкәа ахҭысқәа аҭыҧ роухьеит, аҧсшьаҩцәа ишахәҭоу еиҧш еилаҳәамкәа ауаажәларратә ҭыҧқәа рышҟа ианцәырҵуа. Убри инаҷыдангьы ҧсшьара ҳәа Аҧсныҟа имҩахыҵуа дарбанзаалакгьы аҭыҧантәи азакәанқәа дрықәныҟәозар ауп, иара убасгьы аҭыҧантәи амилаҭ рҵасқәа пату рықәиҵозар ауп.

Ари азакәан алацәажәараан раҧхьа иазгәаҭан ииуль 1 инаркны амч аиурц азы. «Ақалақьқәеи араионқәеи макьаназы иазхиаӡам. Азакәан аусура иалагаанӡа иазырхиатәуп аҩырақәа, астендқәа, аҧсшьаҩы игәыиҽанызҵо. Ас еиҧш азакәан шыҟоу, уи аилагара иацу ахараҧсазы ауаҩы игәиҽанҵатәуп. Убри аҟнытә араионқәеи ақалақьқәеи ираҳҭоит аамҭа рҽаздырхиарц», – иҳәеит адепутат Дауҭ Хәытаба. Ари азакәан адепутатцәа ирыдыркылеит аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьарала.

Жәлар Реизара аилатәараҿы жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы азакәанапроект рыдыркылеит. Уи излаҳәо ала, Аҧсны анапаҵаҩразы иаздырхио аиқәшаҳаҭрақәа заанаҵ апарламент ашҟа инашьҭлатәуп. Адепутатцәа ргәаанагарала жәларбжьаратәи ақәышаҳаҭрақәа аус рыдулараан адепутатцәа адокументқәа заанаҵ рнапаҟны ироур, ажәалагалақәа, мамзаргьы аҧшьгарақәа ҟарҵартә еиҧш алшара роуеит.

Жәлар Реизара аилатәараҿы излазыӡбаз ала, Аҧсны маи 17 рзы рымшныҳәа азгәарҭалоит адипломатиатә усбарҭа аусзуҩцәа. Иара убасгьы ииун 10 рзы – астатистика аусзуҩцәа Рымш, ииуль 4 рзы – аиқәырхаҩ Имш. Арҭ амшқәа усуратә мшқәоуп.

Жәлар Реизара аилатәараҿы ирыхәаҧшын абиуџьет иалам афондқәа 2022 шықәсазтәи рбиуџьет анаг­ӡашьа. Жәлар Реизара ашҟа ааҧхьара змаз афондқәа реиҳабацәа адепутатцәа рҿаҧхьа иазааҭгылеит рфондқәа рбиуџьет, иара убасгьы русура анагӡашьа атәы.

Адепутатцәа актәи аҧхьарала ирыдыркылеит Аҧсны астатистикатә ус азы азакәан.

Жәлар Реизара аилатәараҿы адгьылқәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь риагара, урҭ рхархәара азы азҵаарақәа жәпакы ирыхәаҧшит.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me