«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит Аԥсны. Даара сеигәырӷьоит иахьа ҳтәыла шәахьаҭааз. Аԥсны анапхгареи ҳтәылауааи шәаара агәыӷра дуқәа адырҳәалоит, избан акәзар, шәареи ҳареи хра злоу азҵаарақәа ҳрылацәажәоижьҭеи маҷ ҵӡом. Агәра згоит, шәаара шәаргьы саргьы ҳнапы злаку азҵаарақәа рыӡбара ишацхраауа. Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит, Аҧсны», – иҳәеит Ахада, асас аҧсшәа иаҳәо.
Алеқсандр Новак аҳәынҭқарра Ахада Аԥсныҟа ааԥхьара ахьииҭаз азы иҭабуп ҳәа иеаиҳәеит. «Афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәагьы злахәыз ҳделегациа ашҟа иашәырԥшыз азҿлымҳарееи аԥхарра зҵоу аиҧылареи рзы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Аԥсны – ҳара ҳастратегиатә аҩыза ауп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, адәныҟаполитикатә усураҟнеиԥш, ахәаахәҭра-економикатә усеицура арҿиара аганахьалагьы. Ҳара ҭоурыхла аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп, иахьа ҳаимадарақәа активла аҿиара иаҿуп. Аԥсны аекономика, аҩныҵҟатәи азеиԥш аалыҵгьы аизырҳара мҩаԥысуеит. Иара убас, Урыстәыла финансла ацхыраара ҟанаҵоит аинфраструктуратә проектқәа рынагӡаразы, афинанстә ҭышәынтәалара алыршаразы. Ахәаахәҭра –економикатә еикәшара аизҳара иаҿуп: ҵыҧхтәи ашықәс ала уи 73% рыла иазҳаит. Сара иҵегьы алшарақәа ыҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны. Раҧхьа иргыланы, атуризм аусхк, аинвестициатә проект ҿыцқәа рҟны, урҭ арахь аҧсшьаҩцәа радыԥхьаларазы инагӡазар алшоит. Ари, иара убас аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара ауп, хыԥхьаӡара рацәала аҧсшьаҩцәа раара алыршаразы. Аҿиара иаҿуп асоциалтә усхк. Уи ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәреи ҳажәларқәа рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьа бзиақәа аԥхьаҟагьы рырҿиареи зылшо хырхарҭоуп аҟнытә ацхыраара аҭазароуп», – иҳәеит Новак. Уи иаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аделегациа раара абри хықәкыс ишамоу.
Аслан Бжьаниа, иара убасгьы иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи аиҳабыратә делегациа Аԥсныҟа раара Аԥсны атәылауаа зегьы рганахьала азҿлымҳара ду шамоу. «Аԥсшьараамҭа алагамҭазы аусуратә гәалаҟазаара ҳамоуп, ҳазлацәажәо апроектқәа аусура иалагар ҳҭахуп. Ахәҭак ҟаҳҵахьеит, иаанхаз ахәҭа ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп. Аҳаиртә еимадара аусура иаҳзаларгар, ари аус иадҳәалоу ауаа зегьы Аԥсны атәылауаа ԥааимбарҵас ирыхәаԥшлоит, убриаҟара аҵак ду амоуп ҳара ҳзы», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.