Абарҭ амшқәа рзы Лыхнашҭа иқәгылоу ажәытә ҭәаҵла ду аиқәырхаразы Китаинтәи ахәшә ааргеит. Иахьзеи?
Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз ҩеижәиак зҵаара шьақәырҕәҕәан, урҭ рахь иацҵан даҽа х-зҵаарак. Аусура иалагеит Жәлар Реизара афбатәи ааҧхьараан ирыдыркылаз изыцҵоу ахә азы ашәахәтә азакәан апроект ала. Араҟа иалагалоу аиҭакрақәа ашәахтә иаҵанакуа акатегориақәа ҳәаақәырҵоит. Ари азакәан апроект рыдыркылеит ахҧатәи, аҵыхәтәантәи аҧхьарала.
Афорум Аԥснытәи аҳақьымцәа ирыцны рхы аладырхәит Урыстәылатәи аспециалистцәагьы -академикцәа, аҳақьымцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа. Афорум алахәылацәа рахь Аҳәынҭқарра Ахада Ас­лан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба. «І Аԥснытәи амедицинатә форум еиднакы­лаз зегьы ишәыдысныҳәалоит ҳҳәынҭқарразы аҵак ду змоу ахҭыс. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны аԥсҭазааразы, аԥсшьаразы, агәабзиара аиҭашьақәыргыларазы иреиӷьу аҭыԥқәа иреиуоуп. Ара имҩаԥган ақәранҵыра ду афеномен аҭҵаара, иалыршан акурорт-гәабзиарачаԥарҭатә инфраструктура…
Очамчыра араион Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аклассқәа руак иахҵоуп Леон иорден за­нашьоу Валери Берхамов ихьӡ. Валери Берхамов хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра дааит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубли­ка ақалақь Бақсан аҟынтәи. Иара ихыҵуаз жәаф шықәса ракәын. Афырхаҵа дҭахеит марттәи ажәылараан.

Афырхацәа рбаҟаҿы

27 Мшаҧы 2023 11:49
Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум аҽалархәразы арахь иааз Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи аҳҭны-қалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me