Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урыстәыла Амш иазкны

Урыстәыла Амш – есышықәса, рашәарамза 12 рзы иазгәарҭо аныҳәа ҳаамҭазтәи Урыстәылатәи аҳәынҭқарра аԥҵареи атәыла аизҳазыӷьареи символра рызнауеит. Уи рашәарамза 12, 1992 шықәсазы Адекларациа адкыларала иаԥҵан

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит. «Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу атәыла дуӡӡа иқәынхо, уи ибеиоу акультуреи ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа атрадициақәеи ҳаҭыр ақәызҵо, уи асоциалтәи аекономикатәи лшарамч арӷәӷәареи адунеи аҿы аинтересқәа рыхьчареи злагала алазҵо Урыстәылаа зегьы еиднакылоит. 

Урыстәыла иалҵит адунеи зегьы аҿы еицырдыруаз ирацәаҩны зыхьӡ нагоу аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа, аспортсменцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, акосмос раԥхьа знапаҿы иаазгаз раԥхьатәи акосмонавтцәа уҳәа», –иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭаҿы. Аслан Бжьаниа Урыстәылеи Аԥсни шәышықәсала ишьақәгылоз аиҩызареи агәылеимабзиареи шьаҭас измоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьоу азгәеиҭеит, урҭ аԥхьаҟагьы аидгылара ҟазшьа рыманы ишыҿиало азы агәыӷра шимоу иҳәеит.

Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа аиҩызареи астратегиатә партниорреи рыла ишьаҭаркны аҿиара иаҿуп. Хра аманы иҿиоит аполитикатә диалог, атәылахьчаратә, адәныҟаекономикатә, асоциал-економикатә, акультуратә усхкқәа рҿы аусеицура.

Нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Иарбоу Аусԥҟа анапаҵаҩрала, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымреи уи ҭынчмҩала аҿиареи рзы ахәды­қәҵара ахахьы иагеит. Иара убри ашықәсан, цәыббрамза 9 рзы аҳәынҭқаррақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит.

«Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аиҩызареи аусеицуреи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра» цәыббрамза 17, 2008 шықәсазы рнапы аҵарҩит Аҳәынҭқаррақәа Рхадацәа Дмитри Медведеви Сергеи Багаԥшьи. 

Абҵарамза 24, 2014 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсни Рхадацәа Владимир Путини Рауль Ҳаџьымбеи асоциалтә, аекономикатә, агуманитартә усхкқәа рҿы, иара убас адәныҟатәи аполитикеи атәылахьчареи ашәарҭадареи рҿы шьаҿа-шьаҿала аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азԥхьагәазҭо аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.  

Зынӡа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара еиуеиԥшым аусхкқәеи ахырхарҭақәеи рыла 100 инареиҳаны аҳәынҭқаррабжьаратә, анапхгарабжьаратә, аусҳәарҭабжьаратә аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩра мҩаԥгоуп.


Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рыҩбагьы рхантәаҩцәа Виачеслав Володини Валентина Матвиенкои, Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Иара убас, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me